АҞӘА, мшаԥы 14– Sputnik. Санкт-Петербургтәи Пирогов ихьӡ зху амедицинатә технологиа ҳаракқәа рыклиника хымԥадатәи амедицинатә полис змоу Аԥсны атәылауаа аднакылалоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Алиса Арӡынԥҳа.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи Пирогов ихьӡ зху амедицинатә технологиа ҳаракқәа рыклиника анапхгареи реиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны амедусҳәарҭа азыхиоуп хымԥадатәи амедицинатә полис змоу Аԥсны атәылауаа рыдкылареи рыхәышәтәреи анеирохирургиатә хырхарҭа заҵәык аҿы ада. Аиқәшаҳаҭра аклиника иаԥшьгамҭоуп.
Арӡынԥҳа лажәақәа рыла иҟоуп амедусҳәарҭа Аԥснытәи апациент, аполис ОМС змоу, иахәҭоу амаҵзурақәа анизнамҭо.
"Иҟалалоит аусҳәарҭа ачымазаҩ идкылара ма идымкылара ахала ианаӡбо. Усҟан инацҵаны аилацәажәарақәа аҭаххоит. Ари ахҭыс аҿы ҳтәылауаа заанаҵы аконсультациақәа мҩаԥыргар рылшоит дистанциатә ҟазшьала. Ари даара иманшәалоуп, избанзар уаанӡа ауаа аҭыԥ аҿы аконсультациақәа рзыҟарҵалар акәын. Усҟан акәхон ианеилкаахоз ауаҩы амедԥгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны дрыдыркыло ихатә ԥарала иҽихәышәтәыр акәхо анеилкаахоз", - лҳәеит лара.
Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аполис аиура еиҿкаауп Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа амедицинатә цхыраара рыҭаразы ҩ-ганктәи аԥсуа-аурыс усеицураз аиқәшаҳаҭра ашьаҭала.
2017 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылараан анапы аҵаҩын "Аԥсны аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа рзы амедицинатә ԥгаԥса аиҿкаарази хымԥадатәи амедицинатә цхыраара рыҭарази аусхкқәа рҟны аусеицуразы" аиқәшаҳаҭра.