"Урыстәыла аԥхьагылацәа": аҳәаанырцәуаа рзы алшарақәа

© Sputnik / Екатерина Лызлова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФинал конкурса управленцев «Лидеры России». День первый
Финал конкурса управленцев «Лидеры России». День первый - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Анапаҵаҩра
"Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" акыршықәса ҵуеит имҩаԥнагоижьҭеи аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылацәа". Мшаԥы 14 рзы аиҿкааҩцәа алаҳәара ҟарҵеит ахырхарҭа ҿыц – атрек "Жәларбжьаратәи" шаадыртуа азы.

Данара Курманова, Sputnik

Ари ахырхарҭа ҿыц иалахәхар рылшоит 55 шықәсанӡа зхыҵуа аҳәаанырцәуаа. Амаҵзура Sputnik аицлабра алахәхаразы аҭагылазаашьақәа ирылацәажәоит.

Ихадароу абаҩхатәра ҷыдоуп

Апроект ахықәкы хада иара ахьӡ ианыԥшуеит. Урыстәыла алшарақәа узҭо тәыланы иҟалароуп, ахатә тәылауаа рзы мацара акәымкәа аҳәаанырцәуаа рзгьы. Абри азы агәра ганы дыҟоуп Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

"2018 шықәса рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылазы аҵак ду аманы ишыҟоу ауаа ирылоу аҟыбаҩ аарԥшразы алшара аҟаҵара. Заҟа заа ауаҩы уи илшо, убриаҟара еиӷьуп", - иҳәеит Кириенко атрек "Жәларбжьаратәи" аӡыргараан.

Кириенко иажәақәа рыла, аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылацәа" ииашаны ауаа рымҩа аԥшаараҿы ирыцхраауеит. Апроект мҩаԥысуеижьҭеи иара алахәхаразы арзаҳалқәа нарышьҭхьеит 5 миллионҩык ауаа. Сынтәа еиҳагьы ауаа рацәахоит МИА "Россия сегодня" аусзуҩ, амаҵзура Baltnews ашеф-редактор ихаҭыԥуаҩ Алина Герлина лыбзоурала ҳәа иҳәоит Сергеи Кириенко.

Россотрудничество - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2020
Аиҭакра дуқәа рымҩала – иарбан реформақәоу Россотрудничество иазыԥшу

Хәажәкыра 26 рзы Алина Герлиниа ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иалахәыз Владимир Путин ажәадгала изыҟалҵеит аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылацәа" иалагалазарц аҟыбаҩ бзиа змоу аҳәаанырцәуаа рзы ахырхарҭа ҿыц. Ахада ари аԥшьгамҭа иашоуп ҳәа ахиҳәааит.

"Алина Герлиниа прибалтикатәуп, - аҭагылазаашьа ахҳәаа ҟаиҵоит Сергеи Кириенко. – Лара иаартны илҳәеит ҳаицлабра аҳәаанырцәуаагьы алахәхара шырҭаху. Ҳара уажәы уи азы асоцҭҵаара мҩаԥаагоит, иара аихшьаалақәа рыла  ҳзазҵааз аҳәаанырцәуаа рҟынтәи 93% ирҭахуп Урыстәыла аанхареи аусуреи. 80% иазырыԥхьаӡоит аицлабра ахаарԥшраз ихәарҭоуп ҳәа".

Алина Герлиниа лгәаанагарала зегьы ирылшом иҟоу абиурократиатә ԥынгылақәа риааира.

"Урыстәыла аҟыбаҩ злоу ауаа аҭахуп. Аицлабра "Урыстәыла аԥхьагылацәа" абри аус аҿы ицхыраагӡа дууп", - лҳәоит лара.

ВНЖ ма атәылауаҩра бонуск аҳасаб ала

Аицлабра жәларбжьаратәи ахырхарҭа алахәхаразы аҭахрақәа ыҟоуп: аҳәаанырцәуаҩ 55 шықәса деиҳамзароуп, анапхгаратә ԥышәа имазароуп. Атрек афиналистцәеи аиааиҩцәеи рзы ԥхьахәны иҟоуп: аҵаратә грант ҳәа миллион мааҭ, урыстәылатәи абизнес аԥхьагылаҩык аус ицура, анапхгаратә резерв акадрқәа рылахәра.

Уи адагьы афинал ахь инеиуа зегьы анхараз азин роуеит, аиааиҩцәа  – Урыстәыла атәылауаҩра.

Ари аҩыза апрактика хәарҭоуп аҳәаанырцәуаа реиԥш Урыстәыла азгьы ҳәа ишьоит АНО "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Алексеи Комиссаров.

Алахәылараз арзаҳал назышьҭуа аԥхьатәи ахәба тәыла рахь иаҵанакуеит: Украина, Беларусь, Ҟазахсҭан, Узбекисҭан, Латвиа.

Аурысқәа рцәымӷра афобиақәа уаҳа аус руӡом

1990-тәи ашықәсқәа раан асовет тәыла аҵакыраҟынтә адырра змаз рыдрыԥхьалон Америка инаркны Аладатәи Кореианӡа. Иахьа аҭагылазаашьа еиҭактәуп ҳәа лҳәоит ателеканал RT, жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня", аинформациатә маҵзура Sputnik рредактор хада Маргарита Симониан.

"Урыстәыла иреиӷьқәаз ауаа ацәыргон. Иааит аамҭа ҳаргьы ауаа ҳадҳаԥхьалаларц. Ателеканал RT аханатәгьы аҳәаанырцәуаа аус рыцнауеит. Усҟангьы ирацәаҩын ҳара ҳахь аара зҭахыз", - лҳәоит лара.

Аицлабра ахьӡ иаанарԥшуеит Урыстәыла иаԥхьагылаҩцәахар шрылшо аҳәаанырцәуаагьы. Абри атәы дазааҭгылеит жәларбжьаратә акультуратә усеицуразы Урыстәыла ахада ихаҭарнак ҷыда Михаил Швыдкои.

"Урыстәыла – иаарту тәылоуп. Апроектгьы уи ҿаҿаӡа иаанарԥшуеит. Ауаа атәым ҳәынҭқарраҿ инхоит, дара даҽа милаҭк иахаҭарнакцәоуп, аха абызшәа рдыруеит, иоурысқәаны рхы рбоит – абри ауп аурыс дунеи", - иҳәоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0