Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы

© Foto / предоставлено Алексеем Ломия Абзагу Гургулия
Абзагу Гургулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 19 рзы, иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы, 54 шықәса ихыҵуан Леон иорден акавалер, 25 шықәса дшырҭагылаз фырхаҵарыла зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Абзагә Борис-иԥа Гәыргәлиа.

Зҩыза гәакьа игәалашәара зыԥсҭазаара зегь иагәылганы иаазго Sputnik аколумнист Алексеи Ламиа Абзагә игәалашәара иазкны иҩыз ажәабжь "Бисмарк" ала ҳаргәылаирԥшуеит афырхаҵа қәыԥш иԥсҭазаашьеи, иҟазшьеи, урҭ ирылҵшәахаз – хьыӡла-ԥшала иҭахареи.

ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2018
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Абзагә Гәыргәлиа ифырхаҵара иазкны

"Б И С М А Р К"

Ус иҟалагәышьеит - аибашьра ахьеибашьраз мацаразы адагьы, иара ҳхатә шьоурак иаҩызахеит ҳашҭаҿ еибааӡаз аҷкәынцәа ҳзы. Ҳәарада, ажәлар зегь реиԥш, ахықәк ҷыда шҳамазгьы, мчыла абџьар аӡәгьы иаҳиркуамызт. Аха аибашьра алагамҭазҵәҟьа фырхаҵарыла Абзагә Гәыргәлиа данҭаха, ишԥаҟаҳҵари ҳәа уаанӡа маҷк илакҩакуаз рзгьы зегь ӡбахеит.

Иара ҳара аиҩызцәа ҳаҩнуҵҟа иҳамаз аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын. Адау игәаӷь изҭан. Иҟазшьа ҿырԥшыгала зегьы даарылукаартә дыҟан. Аха дыхжәацәан, зегьы рзы дмаксималистын, уи ауп, сара сгәаанагарала, илахьынҵа ҿахызҵәазгьы. Ус сызхәыцуа шәасҳәап. Ауаҩы ашкәакәеи аиқәаҵәеи рыда уаҳа даҽа ԥшшәык ыҟаӡам ҳәа ианизҳауа, зехьынџьара зегь реиҳа иуадаҩу ахыдҵақәа иҿаԥхьа ианықәиргыло, мышкымзар-мышкы ус иҟоу ауаҩы илахьынҵа убриаҩызак дҭанаргылоит, схы шԥамҩаԥызгари ҳәа хәыцшьа аныҟамло.

© Foto / предоставлено Алексеем Ломия Абзагә Гәыргәлиа иҩызцәа рыгәҭа
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Абзагә Гәыргәлиа иҩызцәа рыгәҭа

Абзагә идыруан Аԥсны иабацәа урҭ рабацәа рыдгьыл шакәыз, Иԥсадгьыл шакәыз. Убриаҟынтә, ҳәараҭахума, ақырҭуа имагә ҟьашь аҳәаа ианахыс, адгьыл иҵазаргьы, автоматк ԥшааны, актәи амшқәа инадыркны аибашьра ахьеилашуазҵәҟьа алалара ада даҽа хымҩаԥгашьак ихаҿгьы имааит.

Ус иҟаз рацәаҩын, аха аибашьра мышкала ишнымҵәоз зхаршҭны ижәылоз, зегь реиҳа иуадаҩыз, ухаҿы иузаамгоз акәзаргьы, арратә дҵа анагӡара сцарым ҳәа мзызк, хшыҩҵакк иашьҭамыз, ашәареи агәаҽанызаареи зхаршҭны, фырхаҵарыла акәзаргьы, аха уеизгьы зыԥсра зыԥшаауаз сгәалашәараҿы ирацәаҩӡам… Уи аҵкысгьы инацҵаны исҳәар сылшоит - ус иҟаз ари аибашьраҿы еиқәхашьа рымаӡамызт!

© Foto / предоставлено Алексеем Ломия Абзагә Гәыргәлиа иҩызеи иареи
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Абзагә Гәыргәлиа иҩызеи иареи

Абзагә инаиваргылан, убас иҟаз ҳәа рыӡбахә сҳәар сылшоит Хасик Бганбеи Арзамеҭ Ҭарбеи. Исҳәо арҵабыргуеит урҭ аибашьра анҵәамҭанӡа изымнеикәа фырхаҵарыла иахьҭахаз…

Абзагә дызлаз агәыԥ аҿаԥхьа иқәдыргылаз адҵа аханатәгьы ишхыбгалоз убарҭан. Усҟан еибганы ихынҳәыз исзеиҭарҳәаз ауп исҳәо. Ҩажәаҩык инарзынаԥшуа, рацәак имеибашьыцыз, бџьарлагь маҭәалагь рацәак еиқәыршәамыз аԥсуа еибашьцәа аӷа дахьтәаз инахараны иагәылаларцаз ишьҭын. Дҵаны иқәгылан шьхала, Аҟәа иахыкәшан, аԥсуа гвардиа ахьтәаз, Агәыӡера иазгәаҭаз аҭыԥ аҟны инеины, ақырҭцәа аналала нахыс аҵәахырҭаҿ еидкыланы ишьҭаз абџьар агара. Анаҩс – ахынҳәра, иаҭаххар еибашьрыла, амҩан агыруа қыҭақәа рҿы, мхедрионаа ирықәырҵартәеиԥш, аҭыԥантәи ауааԥсыра урҭ цәымӷс ишьҭырхыртәеиԥш ақәыларақәа реиҿкаара. Уи азы агәыԥ иалан ҩыџьаҟа ибзиаӡан ақырҭшәа зҳәоз...

© Foto / предоставлено Алексеем Ломия Абзагә Гәыргәлиа иҩызцәеи иареи
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Абзагә Гәыргәлиа иҩызцәеи иареи

Шәхаҿы ишәзаагама аҭагылазаашьа заҟа ишәарҭаз? Аха Абзагә иеиԥш иҟаз хьаҳәхьачарада ицеит. Актәи амш аҽныҵәҟьагьы, ирхаҩоз ианырҿашәагьы, ишхыбгалоз еилкааз усын, аха иара иеиԥш иҟаз убасҟангьы ԥхьаҟа ҳцоит ҳәа иаҿын. Амацәаз ианҭаркгьы, аӷацәа рыкәшаны, шәыҽҳашәҭ ҳәа анрарҳәа, Абзагә иоуп уи иаҿагылаз, рыҽрырҭар, рыԥсҭазаарақәа еиқәхар шалшозгьы! Аха уи дақәшаҳаҭхазҭгьы, иара ахьӡи-ахьымӡӷи рзы имаз агәаанагара иааҳәны иаҿагылон. Уи акәхеит, иара изы иҵыхәтәантәихаз, мчла еиҟарамыз ари аиҿагылараҿ дҭахеит!

© Foto / Предоставлено Алексеем ЛомияАбзагә Гәыргәлиа
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Абзагә Гәыргәлиа

Абзик имаксимализм сазыхынҳәырц сҭахуп. Иара еснагь зегьы рҿы иреиӷьыз дашьҭан. Иаҳҳәап, ихьанҭаз асовет аамҭазы амашьына аахәара аныуадаҩыз, Абзик иҭаацәа рыгәшәымшә ҳәаны, иҿыцӡа иҟаз "шестиорка" рааирхәеит ("Жигули" ВАЗ-2106 амодель), афбатәи арныҟәага зықәгылаз (иззымдыруа рзы, еиуеиԥшым амч змаз арныҟәагақәа рықәгыланы иҭыҵуан амодельқәа). Атранзисторҵәҟьа аман! Иара цәгьалаҵәҟьа бзиа ибон имашьына. Даараӡа игәцаракны ианиӡәӡәоз узхара узахәаԥшуамызт. Асаркьеиԥш иуҿаҷҷо иҟаиҵон, абарбалқәа аҩнуҵҟалаҵәҟьа иӡәӡәон, амашьына аҵаҵәҟьа аҵиӡәӡәаауан! Зегь иреиӷьыз аџьынсқәа! Зегь иреиӷьыз аботасқәа (акроссовкақәа рзы ус ҳҳәон)!

© Foto / предоставлено Алексеем Ломия Абзагә иан Нелли Чычԥҳаи иаб Борис Гәыргәлиеи рыбжьара
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Абзагә иан Нелли Чычԥҳаи иаб Борис Гәыргәлиеи рыбжьара

Усҟантәи аамҭаз еицырдыруаз "Соломенные псы" захьӡыз афильм аҟны афырхаҵа хада ироль назыгӡоз Дастин Хоффман иҭаацәа рыхьӡ раб иџьынџь аҿы ишихьчоз данахәаԥш нахыс, Абзик усҟантәи аамҭаз зеиԥшыҟамыз аҩны Кәтол идмыргылар имуит, ашьацԥшшәы ақәырԥыҟҟаны, аԥенџьырқәа аихацқәа рҭаргыланы. Зегьы џьашьатәыс ирыман, ақыҭараҿ ари аҩыза абаҭахыз ҳәа. Аха иара иоуп ус зҭаххаз. "Сара сыҩны уаҩ изымго абаагәара иаҩызазароуп!" – ак узиаҭамкуа аҭак риҭеит.

© Foto / предоставлено Алексеем Ломия Гәыргәлиаа рыҩны. Кәтол
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Гәыргәлиаа рыҩны. Кәтол

Аха зегьы иреиӷьыз дшашьҭаз аазырԥшыҵәҟьоз ила акәын. Уи зшьа цқьаз доберманын. Абзик лымкаала убарҭ алақәа шигәаԥхоз дырны, Урыстәылантәи иашьеиҳаб Ахра изааигеит. Абзик краамҭа дхәыцуан иахьӡиҵара ҳәа. Аҵыхәтәаны Бисмарк аҿы даангылеит. Ала ахылҵшьҭреи Отто фон Бисмарк ихаҭа иаҳаҭыри рзы акәхап. Аԥхьа иаагны, ашьапқәа па-паны, ласбеиқәаҵәак акәын. Усҟантәи аамҭақәа рзы арҭ алақәа мбатәбаран, издыруаз маҷҩын. Усҟан еиҳа пату зқәырҵоз алашәарыцақәеи ахьчалақәеи ракәын. Уи ааӡара Абзагә имч-илша зегь ақәиҵеит, игәацԥыҳәаны, далашыҩкны дазнеит. Зегьы-зегь иреиӷьу – Бисмарк азы! Зегь иреиӷьу афатә, зегь иреиӷьу ахәыдхаҵақәа! Алаҵақәа зегь ианаамҭоу инақәыршәаҵәҟьаны! Аԥсыӡ-шша, ахәыжә цырцырларц! Шаҟаамҭа далихуааз адоберман алымҳаҵәқәа ишахәҭоу еиԥш ихызҵәҵәашаз?!

© Foto / предоставлено Алексеем Ломия Абзагә Гәыргәлиа иҩызцәа рыгәҭа
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Абзагә Гәыргәлиа иҩызцәа рыгәҭа

Инамыцхәны иадибалоз аџьабаа иԥылеит Абзик, рацәак хара имгакәа Бисмарк зыԥшӡара ухнахуаз лахеит, агәышԥы ҟьаҟьаны, абӷартәашьа еилыхха, еилаарцыруаз ахәыжә еиқәаҵәа! Харантә улаԥш иҵашәон. Амч ду шалаз ҩашьомызт. Дара шԥеизыҟаз?!

Абзик илахьынҵа ианымызт абык иаҳасабала аԥсҭазаара абара, аха аԥа диман! Уи, жәаҳәарада, иԥшӡа Бисмарк акәын! Ҳгәы ԥшаауан ила ианазҿиҭуаз, ибжьы ырхааны ахьӡ анеицеикуаз. Уи шәаҳәароушәа, инеиҵыхны, актәи ацыраҿ ақәыӷәӷәара ҟаҵо: "Бииииисмарк! Уааи сара сахь!" Убриаҟара бзиабареи хаареи алеиҵеит убри ала, ицәа ианыруазшәа ихатә хшара рааӡара лахьынҵас ишимоуаз...

Абзагә дҭахеит 1992 шықәса нанҳәа 24 рзы Шьрома ашьха ашьапаҿы. Аханатә анышә дамардеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа иахьаҵанакуа аԥсыжырҭаҿ. Нас, згәы разыз ауаа рыцхыраарала, дыҵхны Кәтолҟа дыргеит, анышә дамардарц. Усҟан ауп ианыргаз Бисмаркгьы. Уигь, агәакьацәа зегь реиԥшҵәҟьа, Абзик даҵәыуон. Теть Нелли (Абзик иан, Чычԥҳа Нелли) излалҳәоз ала, акраамҭа анышәынҭраҿ иҷаԥшьон. Кәтол аӷацәа иргоит ҳәа ашәарҭара аныҟала, иаланхоз зегьы аҩада Џьгьардаҟа ианахыргагьы, Бисмарк, анышәынҭра ахьчозшәа, аҩны иахын.

Ҳара – Абзик иҩызцәа – аибашьра цонаҵы Кәтол ацара ҳаргәаҟуан, ҳҩыза иҳаҭгәын аҿаԥхьа ҳхырхәарц. Уи ҟаҵашьа змамыз акакәын. Аха иааит Аиааира зцыз 1993 шықәсазтәи цәыббрамза! Краамҭа ҳаззыԥшыз анҵәамҭа! Аҟәа ахақәиҭтәра! Аӷа шәыргәындарыла ибналара! Аҩ-фронтк реиԥылара! Иҳауит уи аҩыза алшара!

Ҳаԥхьаҟа ана-ара ицәырҵуаз аӷацәа ыҟазар ауан аҟынтә, амҩеихдаҿы ашәамахьцәа зланхо Аҭара ақыҭа ҳабжьаланы, амҩаду ҳахыкәшаны, Кәтолҟа ҳцеит. Амҩан хәба-фба километра ҳнаскьацыԥхьаӡа, аԥсуаа ахьгылаз агәаҭарҭатә ҭыԥқәа ҳнарыдгылон. Ҳәарада, ҳаангылон, ҳгәыдибаҳәҳәалон, ҳгәыдибакылон, хырԥашьа змамыз Аиааира амш еидаҳныҳәалон. Ҳаҭҵаауа иҳахәаԥшуан - ишԥа нас, Газ-2410 шкәакәа ҳақәтәан, амашьына аԥхьатәи аган аҿы аԥсуа бираҟ ахаргылан, ҳхаҭақәа армаҭәа бзиала ҳаибыҭаны, автоматқәа рыла ҳаиқәных, ҳабжаҩык аподствольникқәа кны. Зхы иақәиҭтәыз аҳҭнықалақь аҟынтәи ҳаауан! Ажәабжь бзиа ааҳгон! Уи хашҭшьа амам!

© Foto / Предоставлено Алексеем ЛомияАбзагә Гәыргәлиа иҳаҭгәын. Кәтол
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Абзагә Гәыргәлиа иҳаҭгәын. Кәтол

Абар, Анцәа иџьшьаны, – Кәтол! Абар – Абзик иҳаҭгәын! Ҳакәшан ҳнатәан, ҳҵәыуон, уаҳа акагьы… Краамҭа, ҿымҭ… иаҳгәалаҳаршәон… ҳхәыҷра… ҳҽеидкыланы амшын ахь ҳашцоз, мҩабжара ҳҽеилыхуа, аԥсшьаҩцәа ҳархыԥо, ҵаҟатәи ҳамаҭәа мацарала аӡы ҳаҽшалаҳажьуаз… ҳгәырӷьаҵәа хәмаршақә ҳшеибашьуаз… Издыруадаз усҟан, уи аԥсҭазаараҿгьы ишахыстәхоз… Аҩнашҭақәа рыла ҳаиҿагылан ҳшеисуаз… Хәмаррас крыҟазар зегьы ҳшыхәмаруаз, хоккеиҵәҟьа ԥкьаҭымпылла… ингургестәи аҩнаҿаԥхьа уаҩ дахьахымыз ҳҽыҵәахны, иҳазҳаит ҳәа ҳазгәдуны аҭаҭын ҳанахоз… ҳаԥсҭазаара актәи ашьаҿақәа… аԥхьатәи аиааирақәа… аԥхьатәи алахьеиқәҵарақәа…

Борис Гургулиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2020
Зныҳәаԥхьыӡ сыцу апоет: Борис Гәыргәлиа диижьҭеи сынтәа 85 шықәса ҵит

Абзик иангьы иабгьы ыҟан уа, иҭынхацәа. Аха ҳара ҳнеира зегь реиҳа еигәырӷьаз Бисмарк акәзар ҟалап! Иҿахҵәаз аҵыхәа ршәшәо, агәырӷьара ҳәаак амамызт! Абжьааԥны злеишәа цәгьаз, зымԥан уназмышьҭуаз, уажәы аӡәаӡәала инаҳадгылан игәыбзыӷуан!

Амш ахәларахь ахы хан, цәыббрамза ҳашҭагылазгьы, ахьҭа ҿан. Аԥацхахь ҳнеит. Амца ҳакәшан ҳнатәеит, теть Нелли лбысҭаушьа ҳахәаԥшуа! Лара ҿи лаӷырӡи еиқәылхуамызт. Ҳазегь ҳаԥсы ҭаны ҳбара дшеигәырӷьазгьы, лхьаа ҳарҿыцзар акәхап…

Ахаан исхамышҭуа! Шамахамзар Абзик иҳаҭгәын иадымҵуаз Бисмарк аԥацха иааҩналан, ҳазегь ҳҿы иааины, ахы ҳшьамхы инықәҵо, иқәыԥсычҳауан. Ауаҩ иеиԥш… мап, ауаҩ иаҵкысгьы еиҳаны. Ҳацыԥхьаӡа – Абзик иҩызцәа – иҳанаҳәон агәаҟра ду ишақәшәаз, хнырҳәышьа змам ацәыӡ шамаз…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0