Акоронавирус иахырҟьаны Мгәыӡырхәатәи ашкол аамҭала иаркуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ школах Москвы усилили меры профилактики в связи в коронавирусом
В школах Москвы усилили меры профилактики в связи в коронавирусом - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Анапаҵаҩра
Уасил Агрба ихьӡ зху Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит 73-ҩык аҵаҩцәа, аус руеит 20-ҩык арҵаҩцәа.

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik, Бадри Есиава. COVID-19 иахырҟьаны Мгәыӡырхәатәи ашкол аамҭала иаркуп, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара аҵара аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Светлана Аииԥҳа.

"Мшаԥы 19 раахыс ҳара араионтә асанитартә маҵзура ақәшаҳаҭрала Мгәыӡырхәатәи ашкол ҩымчыбжьтәи акарантин ахь иҳашьҭит. Фҩык ахәыҷқәеи ԥшьҩык арҵаҩцәеи акоронавирус рыдбалоуп", - лҳәеит лара.

Аииԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит, акоронавирус шрыдбалаз гәдоуҭатәи ашколқәа №1, №4 рҟны ҩ-класск. Арҭ аклассқәа рҵаҩцәа уажәы ахыԥхьакрахь ишьҭуп.

Уаанӡа, Бамборатәи абжьаратә школ ахәҭакахьала иадыркит мшаԥы 5 рзы аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ачымазара ахьрыдырбалаз азы.

Ачымазара рыламҵәарц азы 5 - 11 аклассқәа аужьын. Аиҵбыратә классқәа ныҟәон. Абри аҩыза аӡбра рыдыркылеит асанитартә маҵзуреи, Аҵара аминистрреи араион ахадареи рақәшаҳаҭрала. Аҵаратә процесс ашкол азыхынҳәит ҩымчыбжь рышьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0