АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 322-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 65-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гагратәи араионтә хәышәтәырҭаҿы мшаԥы 22 рзы лыԥсҭазаара далҵит 84 шықәса зхыҵуаз апациентка. Лара илзықәыргылан акоронавирустә инфекциа ҿыци ахәышәтәырҭанҭыҵтәи ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи рдиагноз.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 51-ҩык, урҭ рахьтә 38-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 28-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 12-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>