АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Дмитри Медведев Урыстәылеи Америкеи реизыҟазаашьа ахәшьара аҭео иҳәеит акризис ҟазшьа амоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Иара игәаанагарала, арҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа иҵегь еибарххар зылшо аҭагылазаашьақәа, бџьаршьҭыхла аиҿагылараҟынӡа инанагар алшоит.
"Аҳәынҭқаррақәа ҩба рыбжьара аамҭарацәала асеиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа аныҟоу акризис ауп иахьӡу", - ҳәа иҳәеит иара.
Медведев абри аконтекст ала игәалаиршәеит 1962 шықәсазтәи Карибтәи акризис. "Усҟантәи аамҭақәа даҽакала ишыҟазгьы, аҭагылазаашьақәа акыр еиԥшуп", - ҳәа иҳәоит иара.
Иазгәеиҭеит ЕАА адәныҟатә политика Асовет еидгыла асеиԥш аҭак аҟаҵарахь ишагәыҵасуаз.
1950-1960-тәи ашықәсқәа раан ас шакәыз ҿырԥштәыс иҟоуп америкатәи аракетақәа Ҭырқәтәыла, Аладатәи Виетнам, Ливан рықәыргылара.
"Иахьа – уи иаҿырԥштәәны иҟоуп асанкциақәа, НАТО Урыстәыла аҳәаақәа рзааигәахара, "Северный поток 2" аҿагылара, украинатәи азҵаара уҳәа егьырҭгьы. Асеиԥштәи аполитика есыҽны иаабо ауп" ҳәа иҳәеит Медведев.