Урыстәылатәи агранатаршәыҩцәа ацәҟьарақәа ирықәкны ихысуан

© Foto / GENNADIY DUDISHKINГранатометчики ЮВО в Абхазии выполнили нормативы во время проведения контрольных стрельб
Гранатометчики ЮВО в Абхазии выполнили нормативы во время проведения контрольных стрельб - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә ҟәшақәа аӡынразтәи рҵара-гәаҭаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Амчыбжь анҵәамҭазы арратә база адырра ахәшьара ықәдыргылоит. Ауснагӡатәқәа ирыдыԥхьалоуп 1,5 нызқьҩык аруаа, 500 ак арратә техника.

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ агранатаршәыҩцәа еиҭаҵуази еиҭамҵуази ацәҟьарақәа ирықәкны ихысуан агәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны аррамаҵзурауаа "аӷа" иеибашьыга машьынақәа рсахьа змаз ацәҟьарақәа иреихсуан 350 метра набжьаны. Ацәҟьарақәа секундк 10 метрак рҟынӡа ирццакын.

Военные учения ЮВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Урыстәылатәи аруаа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Абри аан ахархәара рыҭан: анапылатә гранатаршәгақәа РПГ-7, акәылӡы кылызжәо агранатақәа ПГ-7ВЛ, агранатаршәга АГС-17.

Амшын аԥшаҳәаҿы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан аԥша аӷьеы иасуан, секундк ала 20 метра инаӡон. Аруаа рхысраан ари азгәаҭара рыман.

Урыстәыла ар ргәаҭара мҩаԥысуеит Аладатәи арратә округ ар ркомандаҟаҵаҩ Александр Дворников инапхгарала. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит 2021 шықәсазтәи аплан инақәыршәаны. Аҽазыҟаҵарақәа ирылархәуп Амшынеиқәатә флоти Каспитәи афлоти. Аҽазыҟаҵарақәа рыхәшьара мҩаԥыргоит арратә усбарҭа анапхгаҩцәа рыла ишьақәгылоу акомиссиа. Игәарҭоит ар реиҿкаашьа, анормативқәа рынагӡашьа, роперативтә зыҟаҵара аҩаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0