Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа "Аԥсны жәлар рконгресс" ахықәки аԥеиԥши ирызкны

© Sputnik / Леон Адлейба Давид Пилия
Давид Пилия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә усзуҩы, "Ахьтәы парламент" адепутат Давид Ԥлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ауаажәларратә еиҿкаара ҿыц, "Аԥсны жәлар рконгресс" аԥҵара аҭахны изиԥхьаӡо, насгьы уи ахықәкы - ажәлар реидкылара - анагӡара алыршахоит ҳәа игәы изаанаго.
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа "Аԥсны жәлар рконгресс" ахықәки аԥеиԥши иазкны

Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны жәлар рконгресс" аԥҵахоит ҳреспубликаҿы - абас еиԥш иҟоу аӡбамҭа рыдыркылеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҟны имҩаԥысыз аиԥылараҿы.

"Ари аус ҳахәаԥшуеижьҭеи даара акрааҵуеит. Акыр авариантқәа цәыраагеит ишаԥаҟаҳҵари ҳәа, даара аимак-аиҿак аман, аха зегь дара роуп, ҳазнеит аус зылҵраны иҟоу – Аԥсуа жәлар рконгресс. Ҳара иҳамаз аԥышәа 1989 шықәса рзы, иполитикатәым ауаажәларра реидкылара "Аидгылара" шеиҿаҳкааз амодель шыҟаҳҵаз еиԥш, иҳаӡбеит даҽа знык ҳалагарц. Уи аԥышәа иаҳнарбеит ажәлар реидкылара шауа. Уи азы аусура рацәа аҭаххеит, ҳара мызкы иалагӡаны Аԥсны араионқәа зегьы ҳрыкәшаны ҳааит. Милаҭс иаҟаз зегьы хазы-хазы ҳрацәажәеит. Ҳара аԥсуаа ҳаҩнуҵҟа аимак-аиҿак ҳамоуп, ҳаидызкыло, егьырҭ амилаҭқәа иҳаланхо еидызкыло мчык ҟалар, ари аҳәынҭқарразы даара ибзиоуп, избанзар, ҳамч еиқәҳаршәар, ҳадгылар, ҳәарада, ҳаԥхьа ишьҭоу аҳәынҭқарра апроблемақәа, жәлар рпроблемақәа иаҳа аӡбара ҳалшоит ҳәа агәраганы ҳаҟоуп", - еиҭеиҳәеит Ԥлиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0