Москватәи аҳақьым акоронавирус зхызгаз рзы аконсультациақәа Аҟәа имҩаԥигалоит

CC0 / / Консультация у врача
Консультация у врача  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирус зхызгаз Аԥсны ауааԥсыра рзы урыстәылатәи аҳақьым Тимур Менгисанов есымчыбжьа аконсультациақәа мҩаԥигалоит.

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Акоронавирустә инфекциа зхызгаз апациентцәа рзы аинформациа-консультативтә акциа мҩаԥгахоит Аҟәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект автор, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ аус зуа, Москва Лиуберцытәи ахәышәтәырҭа аҳақьым Тимур Менгисанов.

"Имаҷым ауаа, авирус иахҟьаны ахәышәтәырҭа иҭаз ма аҩны изхызгаз, иҟарҵаша анырзымдыруа. Сара еидыскылеит абжьагара хадақәа брошиурокны. 28 даҟьа инаӡеит. Арҭ абжьгарақәа зегьы агәабзиарахьчара Адунеизегьтәи еиҿкаара рықәшаҳаҭуп. Актәи аиԥылара Аҟәа имҩаԥгахоит", - ҳәа иҳәеит Менгисанов.

Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Арадио
Арҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит COVID-19 ауаа ирзыннажьуа ачымазарақәа ртәы

Аҳақьым иҳәеит акоронавирус зхызгаз, аха ареабилитациа иахымсыз рахьтә 70% макьана аҿкыра зкьымсыц раасҭа даҽазнык ичмазцәахар алшоит ҳәа ашәарҭара рымоуп.

Менгисанов игәҭакуп инарҵауланы ауаа реилыркаара ииашаны ргәабзиара шышьақәдыргылаша, уи азы хәшәқәас иаҭаху.

"Ареабилитациа хымз рыҩнуҵҟа имҩаԥгатәуп. Арахь иаҵанакуеит ахәшәтәтә терапиа, аԥсыԥлагаҩагаратә баҩрҵәыра, агәабзиара ҭагылазаашьа ашьклаԥшра. Апациент идыруазароуп игәабзиара анышьақәгыла ашьҭахь мызкы ҩымз рыҩныҵҟа иарбан анализқәоу иаҭатәқәоу. Сҽазысшәоит абарҭ зегьы аиҭаҳәара, ауаа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара", - ҳәа иҳәеит Менгисанов.

Аҳақьым игәҭакуп ареспублика ақалақьқәа рҿы есмчыбжьыла аиԥыларақәа рымҩаԥгара. Асеиԥш аусура аҭахуп ҳәа аҳақьым ишьоит COVID-19 иннажьыр ҟало ахҟьаԥҟьақәа рганахьала аинформациа ахьазымхо азы. Иара дахьахәаԥшуа ала апациентцәа жәпаҩык рыпсихика шьақәҟьоит, рцәеижь иҟанаҵо ахьырзеилымкаауазы.

Тимур Менгисанов 11 шықәса ҵуеит амедицина инапы алакуижьҭеи. 2020 шықәса раахыс аус иуеит Лиуберцытәи аобласттә хәышәтәырҭа атерапиа аҟәшаҿы. Иара абри ахәышәтәырҭаҿы COVID-19 ахәышәтәразы аҿкратә ҟәшаҿы аус иуан. Аԥснытәи иколлегацәа рыцхырааразы дааит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иааԥхьарала 2021 шықәса, жәабранмзазы. Хәажәкырамзаахыс COVID-19 зхызгаз рреабилитациа инапы алакуп.

Ареабилитациатә программа х-етапкны ишьақәыргылоуп ВОЗ абжьгарақәа рыла. Актәи аетап аан ишышьҭоу арыԥҳақәа рҳауаҭарсразы аԥсыԥлагаҩагаратә гимнастика, амассаж, абаҩрҵәырақәа мҩаԥыргоит. Аҩбатәи аетап аан еиуеиԥшым абаҩрҵәырақәа, аха угыланы. Ахԥатәи аетап – хәшәылатәи ареабилитациа.

Аԥсны ачымазара амҽхак арҭбаауа иалагеит. Менгисанов игәаанагарала ари ҭагаланынӡа имҩасыр ауеит. Иара иҳәеит аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ачымазара еиҳа агрессиа аҵоуп, ахыгарагьы еиҳа иуадаҩуп. Уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп 50 пациент. 30-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп, егьырҭ – ихьанҭоу аҭагылазаашьа рымоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0