Ҟрым имҩаԥгахоит аибашьра ашәақәа рфестиваль "Иалтаҟа амҩа"

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Ялта
Города России. Ялта - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2021
Анапаҵаҩра
Афестиваль Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку иреиӷьу ашәақәа цәырнагоит еиуеиԥшым адунеи абызшәақәа рыла.

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Аиааира амш аламҭалаз, мшаԥы 29 инаркны лаҵара 1 аҟынӡа Ҟрым имҩаԥгахоит есышықәсатәи жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Иалтаҟа амҩа". Афестиваль Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку иреиӷьу ашәақәа цәырнагоит еиуеиԥшым адунеи абызшәақәа рыла. Абри атәы еиҭеиҳәоит афестиваль асахьаркыратә напхгаҩы, ажурналист Ернест Мацкиавичиус арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

Иара иажәақәа рыла ауснагӡатә ҩ-хықәкык амоуп: Урыстәыла иахәҭаку Ҟрым азхьаԥшра аҭареи, асоветтәи аурыстәи ашәаҳәаратә ҟазара аларҵәареи. Уи азы аиҿкааратә еилакы афестиваль ахада, ажурналист Андреи Кондрашов ихьӡала аҳәаанырцәтә артистцәа ирыдыргалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иазку ашәақәа рынагӡара.

Сынтәа хынтәуп афестиваль мҩаԥысуеижьҭеи. Иара алахәразы азыҳәақәа ҩынтәны еиҳахеит. 51 тәыла рҟынтәи 300-ҩык амузыкантцәа афестиваль рхы аладырхәыр рҭахуп.

Мшаԥы 29 рзы Иалта имҩаԥгахоит афиналбжа. Иара иалахәхоит 15 тәыла: Австриа, Аргентина, Великобританиа, Израиль, Индиа, Италиа, Канада, Китаи, Латвиа, Польша, Португалиа, ЕАА, Ҭырқәтәыла, Франциа, Швециа.

"Ҿыц иалахәхаз иреиуоуп - Индиеи Канадеи. Амузыка ахархәарала аибашьраҿтәи аиааира аӡбахә ҳәалатәуп ахааназ уи аҩыза ҟамларц азы", - иҳәоит афестиваль анапхгаҩы.

Лопата - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Аиааира Ду аламҭалаз акциа "Агәалашәара абаҳча" мҩаԥысит Аҟәа

Афестиваль аҳәынҭқаррақәа реизааигәара иацхраауеит ҳәа иҳәоит ажиури ахантәаҩы, РСФСР жәлар рартист Лев Лешьенко.

"Аибашьра ашәақәа – культуратә кодуп, асоветдгьыл иқәынхоз зегьы ирдыруеит избанзар иҟамызт ҭаацәарак аибашьра зхьымсыз", -иҳәоит иара.

Урыстәылеи аҳәаанырцәи рҿы еицырдыруа амузыкантцәа рыла ишьақәгылоу ажиури иалыркаауеит иаиааиз.

Иара убасгьы имҩаԥгахоит онлаин-бжьыҭира. Аицлабра иалахәу рықәгыларақәа асаит аҿы рбара алшоит.

Лаҵара 1 азы афестиваль афинал аҿы аконкурсантцәа урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа ирыцықәгылоит. Аицлабра азеиԥш ԥхьахәтә фонд иартәоит 60 000 евро.

Афестиваль "Иалтаҟа амҩа" Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд аҿиа иаиааиит, иҩаԥысуеит афедералтә маҵзура "Россотрудничество", Ареспублика Ҟрым аиҳабыра, ВГТРК, МИА "Россия сегодня", аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik рыдгыларала.

Ҵыԥх апандемии иахҟьаны онлаин-формат ала имҩаԥгахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0