АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Британиа Урыстәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьа ҵнашәаауеит ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу аҭо Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
"Британиа Урыстәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьа ҵнашәаауеит уаанӡеиԥш иахьагьы ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Дара Евроеидгыла иалҵит, аха убри аан Москва аганахьала Евроеидгыла атәылақәа рыхныҟәгашьа ахылаԥшреи анырреи арҭар рҭахуп", - ҳәа иҳәоит Лавров.
"Убри аан ҳара ҳганахьгьы дыргақәак аарышьҭуеит. Дара мап ацәыркуам ҳалацәажәара аха аҽаӡәы дҳалацәажәар рҭахым. Еснагьтәи амонополиа аҭахызаара рныԥшуеит", - иҳәоит аминистр.
Иара иажәақәа рыла ара иџьоушьаша акгьы ыҟам. Ҿырԥштәны аминистр иааигоит ФСБ уаанӡатәи афицар Александр Литвиненко 2006 шықәса рзы ахәшә иҭара.
"Аматериалқәа аӡәгьы илала имбеит. Аха "зегь дара роуп ҳагәра жәгароуп" ҳәа иршьоит. Шварценеггер иҳәон "trust me". Сара "агәра га аха игәаҭала" зҳәоз Реиган еиҳа сидгылаҩуп. Агәаҭара азин ҳарҭом, арахь рыгәра аагар рҭахуп", - ҳәа иҳәоит аминистр.
2014 шықәсазы малаизиатәи Boeing Украина ажәҩан аҿы икаҳаит. Абри ашьҭахь Нидерланды, Бельгиа, Австриа, Украина еилацәажәаны ирыӡбит аинформациа арӡара ҟалом ҳәа убри аан Малаизиа арыцҳара иақәшәаз шакәугьы уахь иаладмырхәит ҳәа иҳәоит Лавров.
"Украина, зҵакыраҿы арыцҳара ҟалаз авето азин аиуит, зҳаирплан каҳаз Малаизиа фымз уаинформациа аиура азин амамызт. Ардыԥхьалаа Малаизиа иарҭаз "аиашьыкь еиқәаҵәақәа" Лондон иҭырҵаауан, уи аганахь ала информациак ыҟангьы исгәалашәом. Нас Скрипальлаа рҭоурых цәырыргеит. Иахьагьы аӡәгьы издырам урҭ зеиқәхаз, изыхьчоз аполициауаҩ машәырк зимыхьыз уҳәа шәызҵаарак цәырҵуеит", - иҳәеит Лавров.
Урыстәыла амаҵзура ҷыдақәа уаанӡатәи рфицар Сергеии иԥҳа Иулиеи Скрипальраа 2018 шықәса хәажәкыра 4 рзы Солсбери ашҳам рыҭан. Скрипальраа рыхҭыс ашьҭахь ԥшьымз ҵуаны британиатәи аполициа ақалақь Еимсбери аҿы аҽа ҩыџьа ауаа "идырым ашҳам рыҭан" ҳәа алаҳәара ҟарҵеит. Ахҭыс жәларбжьаратәи ахцәажәара ахылҿиааит. Лондон — иҟалаз Москвоуп изыхҟьаз аҳәеит. Москва уи мап ацәнакуеит.
Урыстәыла ААР ахада иҳәоит Урыстәыла "Скрипальраа рус" иадҳәалоуп ҳәа ирҳәо иарбанызаалак ҵаҵӷәык ахьазыԥшаам азы еилаҳауеит ҳәа.
Сергеи Лавров РИА Новости иеиҭаз аинтервиу ду урысшәала шәаԥхьар ҟалоит абра>>