АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Лаҵарамзазы зегь раасҭа амшын аҟны аԥсшьараз ахәқәа лаҟәуп Аԥсны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Лаҵара 11-16 рзы атурқәа еиҳа рыхә ҳаракуп лаҵарамзатәи аԥсшьарамшқәа раан аасҭа. Ахәқәа еиҳахо иалагоит аплиажтә сежон ааигәахацыԥхьаӡа.
Урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии акурортқәа рҿы аԥсшьара ахәԥса амониторинг иаанарԥшит Ҭырқәтәылеи Танзаниеи рахь аԥырра ахьаанкылоу азы урҭ ареитинг ишалҵыз. Убри аан асиа иануп Аԥсны, Кипр.
Амза агәазы аиҳарак ахәқәа лаҟәуп Аԥсны аԥсшьара (24 000 мааҭ атур азы). Ари жәамш аҵанакуеит ҩыџьа рзы.
Иара убри аҩыза апутиовказ Анапа, Шәача, Ҟрым рахь ишәатәуп 32 – 69 нызқь мааҭ. Убри аан аныҳәамшқәа ирҿырԥшны ахәԥсақәа 120 процент еиҳауп, Ҟрым—50 процент.
Кипрҟа ацара 106 нызқь еиҵахом, уи 20 процент еиҳауп аныҳәамшқәа рзы аасҭа. ОАЕ ахь атур 120 000 мааҭ иаԥсахоит, уи 55 процент еиҳа иаракуп лаҵара алагамҭаз аасҭа. Куба – амза алагамҭаз атур 157 000 мааҭ иаԥсазар, амза абжазы—179 000 мааҭ ихалоит.
Мальдивқәа рахь атур 190 000 мааҭ иаԥсахоит, амза алагамҭазы 30 нызқь рыла еиҵан.
Мшаԥы 20 рзы Роспотребнадзор аԥҟара ҿыцқәа аланагалеит. Иаланагалаз аԥҟарақәа рыла, лаҵара 1 ашьҭахь аҳәаанырцәынтә ихынҳәуа акоронавирус азы ҩынтә атест арҭароуп. Аҩбатәи атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәуп. Абри азы азинтә информациа аофициалтә портал аҿы икьыԥхьуп Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада иқәҵара.
Уаанӡатәи Роспотребнадзор адыррақәа рыла, мшаԥы 15 инаркны Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим мҩаԥыргароуп, атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәуп ҳәа ҳәан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Атуроператорцәа Голикова илыҳәеит атуристцәа рзы атестқәа аԥырхырц