АТОР аҟны Аԥснынтәи зыԥсы шьаны Урыстәылаҟа ихынҳәуа ирԥеиԥшу еилыркаауан

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдыхающие в Сухуме
Отдыхающие в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
"Вестника АТОР" арреспондент Аԥсны даҭааит зыԥсы шьаны Урыстәылаҟа ихынҳәуа атуристцәа ирԥеиԥшу аилкааразы.

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аԥсны аҵакырахь аҭаларазы уаанӡатәи арежим аус ауеит, атуристцәа ПЦР-тест азы аршаҳаҭга шәымоума ҳәа аӡәгьы дҵаауам, ианыхынҳәуагьы Роспотребнадзор аԥҟарақәа ишрықәныҟәо аӡәгьы дахылаԥшуам, аҳәоит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа асаит аҿы икьыԥхьу аматериал.

Санитарно-карантинный контроль в аэропорту Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Роспотребнадзор Урыстәылаҟа ртәылауаа рыхынҳәра аԥҟарақәа арӷәӷәеит

Мшаԥы 15 азтәи Роспотребнадзор аӡбрала аҳәаанырцәынтә аҩныҟа ихынҳәуа урыстәылаа ПЦР-анализ COVID-19 азы иҟарҵароуп, аҭак роуаанӡагьы рхы ԥхьаркроуп. Лаҵара 1 инаркны атест ҩынтә иаҭатәуп мышкы бжьаҵаны.

Арҭ аҭахрақәа рхы иадырхәом Аԥсны иаҭааз Краснодартәи атәылаҿацә ауааԥсыреи ареспубликаҟынтә Урыстәылаҟа аусуреи, аҵареи ма аамҭакьаҿлатәи ус иаауа.

Урыстәыла асанитар ҳақьым хада Анна Попова атәыла ахада имҩаԥигоз аилацәажәараҿы илҳәеит атәыла аҳәааҿы асанитар-карантинтә хылаԥшра мҩаԥысуеит, уи COVID-19 алаҵәара алнаршом ҳәа.

"Вестник АТОР" акорреспондент Аԥсны даҭан мшаԥы 25-29 рзы, атуроператор "Интурист" имҩаԥигаз апресс-тур ала.

Акьыԥхьымҭа ишаҳәо ала Аԥсныҟа иалало атуристцәа ПЦР-тестқәа рымазаара иазҵааӡом. Уаанӡа Аслан Бжьаниа ТАСС аинтервиу аҭо иҳәахьан ареспублика алалара аруадаҩра аӡәгьы игәы ишҭам, сынтәа атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала ишырзыԥшу.

Таможенный контроль на КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2021
Бжьаниа: Аԥсны аҳәаа ахысра аԥҟарақәа аруадаҩуам

Вестник акорреспондент иазгәеиҭеит Роспотребнадзор арбагақәа инарықәыршәаны аҳәаа дахысаанӡа Аҳәынҭмаҵзура апортал аҿы атәыла иалало изы аформа шхеирҭәааз, "аушьҭырҭатә ҭыԥ" аграфаҿы ишаирбаз "Адлер (автомашьынатә)", аграфа "алалараан дызланеиуа" – "шьапыла" ҳәа шаирбаз.

Аҳәаа автомашьынала уахысуазар ахатә транспорт ма атрансфертә машьына аҳәынҭқарратә ҭаҩратә номер арбатәуп.

Аҳәынҭмаҵзура асаит аҿы аформа анҭоугалалак амаҵзура шуоуз азы адырреи Роспотребнадзор аусзуҩцәа дырбаразы QR-коди урҭоит. Аха АТОР адыррала мшаԥы 29 рзы аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аусбарҭа аусзуҩцәа ыҟамызт.

Урыстәылаҟа ихынҳәуаз атуристцәа ақьаад анкетақәа рырҭомызт, QR-кодқәагьы аӡәгьы дрыхәаԥшуамызт. Аҳәаахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа атест аҭатәуп ҳәа аӡәгьы игәы иҽанырҵомызт. Роспотребнадзор аофициалтә Instagram-аккаунт аҿы уаанӡа ирҳәахьан аҳәаахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа уи аҩыза анапынҵа рымам ҳәа.

Уаанӡа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы ирҳәеит аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи, Роспотребнадзор аиҳабы, Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Поповеи алацәажәараны иҟоуп атуристтә сезон аан аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра аиҿкаара азҵаарақәа ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0