Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагра ашколқәа рҿы СOVID-19 аганахьала рҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Foto / предоставлено Мадиной Ажиба Мадина Ажиба
Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2021
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҿы ашколқәа рҿы СOVID-19 аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.

 

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гагра ашколқәа рҿы СOVID-19 азы рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы

"Мшаԥымзеи ҳазҭагылоу лаҵарамзеи рзы аҭагылазаашьа хәыҷык аҽарцәгьеит. Иҳамоуп ашколқәа иҳаҩсыз амзазы классқәак ахьаркыз мчыбжьык–ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа. Ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи рыбжьара иҟоуп аковид-чымазара злаҽыз. Иахьазы аҵара аминистрреи асанитартә епидемиологиатә станциеи рахь ашәҟы ҳашьҭит ҩымчыбжьа ирҭагӡаны Пицундатәи аҩбатәи ашколи Маҳадыртәи актәи ашколи рҿы аҵаратә процесс аанкылазарц аиҳабыратә классқәа рҟны, ҭыԥқәак рҿы алагарҭатә классқәа рҟынгьы. Пицундатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны ааҩык арҵаҩцәа ачымазара ҿкы рымоуп, Маҳадыртәи ашкол аҟны - ԥшьҩык. Егьырҭ ашколқәа рҟны аҭагылазаашьа цәгьаӡам, макьана ҳабзиоуп", - лҳәеит Мадина Ажьиԥҳа.

 

Лара агәыӷра аалырԥшит ҳазҭоу амза 14 рзы еиԥш ичмазаҩхаз ргәы бзиахап ҳәа, ашколқәа рҟны аҵаратә процесс иацырҵартә аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахап ҳәа. Ажьиԥҳа убасгьы илҳәеит иааиуа амзақәа рзы аҵаратә программа иахьӡоит ҳәа агәаанагара шрымоу, адистанциатә ҵаразы аԥышәа бзиа шрымоу, уи рхы иадырхәар шалшо.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0