Гитлер дыхьӡзыртәуаз апоет: Платон Кьыласаниа ирҿиара иазкны

© Foto / Элеонора КогониаПлатон Киласония
Платон Киласония - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Анапаҵаҩра
Кәтол ақыҭан ииз апоет Платон Кьыласаниа Аџьынџьтәылатәи еибашьра ирҿиараҿы ишаарԥшуи, гәыцхас имаз амаӡеи ртәы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭаҿы.

Аџьынџьтәылатәи Аибашьра ду иазку арҿиамҭақәа рацәоуп аԥсуа литератураҿы, аха иахьа зыӡбахә сҳәо апоет иеиԥш, афашистцәа раԥхьагыла дыхьӡзыртәуаз даҽаӡә иԥшаара уадаҩуп.

Ҷежьиа  Амброси - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2020
Саншьа илахьынҵа шеилкаахаз: Амброси Ҷежьиа иҭоурых

Платон Кьиласониа иахьа дыздыруа рацәаҩымзаргьы, даара азҿлымҳара заҳҭаша хаҿуп, илитературатә ҭынха ҳазхәыцуазар. Санхәыҷыз ирлас-ырлас избоз, ҳаҩны имҩахыҵлоз, алаф зҳәоз ауаҩы дзаҵәын, аҭынхацәа имазаргьы.

Платон Кьиласаниа диит 1908 шқәсазы Кәтол ақыҭан. Занааҭла дагрономын, аха гәыла дпоетын. Платон илитературатә ҭынха дум, иара идунеи аниԥсах ашьҭахь 1990 шықәсазы иҭыҵит ажурналист Иура Коӷониа еиқәирашәаз "Иудкыл сашәа" захьӡу иажәеинраалақәа реизга. Платон ҳаҩны данааиуаз алаф шцәырҵуаз ҳдыруан аҟынтә, адуцәа анааидтәалалак ҳарҭ ахәыҷқәагьы ҳлымҳа нкыдаҳҵон. "Гитлер итәы уаҳзаԥхьа" иҳәон саб ианаатәалақәак:

Гитлер дшашьҭаз амаӡарах,

Ихәда иахашәеит аҟәараӷ,

Хыс изхагылоу амҟәыба,

Ҩнрас иоуеит акәыба…

Хыхь иаагоу ацәаҳәақәа санхәыҷыз аахыс издыруеит, избанзар автор бжьыҭгала даҳзаԥхьон. Платон бзиа ибон аекспромтқәа, абырсааҭк ахмырҵкәа иааинырсланы иаацәыригон илаф цәаҳәақәа:

Берлин лассы иахагылоит,

Аиааира бираҟ уаркалеиуа.

Уи аҵҟа иаҵагылашт,

Гитлер ихы кәаталеиуа…

Платон даграномын аҟынтә, ирҿиараҿы ирацәоуп анхамҩа иазку ацәаҳәақәа, аха Аиааира ду амш аназгәаҳҭо, еиҳаракгьы Аџьынџьтәылатәи Аибашьра ду иазку иажәеинраалақәа роуп сзызхьаԥшырц исҭахыу:

Гитлер даауан дыҩуа, дкәаруа,

Кавказ згоит ҳәа уи дмақаруа,

Кавказ зыхьчоз Ерцахә ашьха,

Уи иԥнаҵәеит Гитлер идашьхәа.

Арҭ ацәаҳәақәа ҳара ҳқыҭаҿы иззымдыруаз шамаха дыҟамызт, Платон ианаацәыригалакгьы даргьы инацырҵон:

Гитлер агмыг ахы-мҟәыба.

Изырчаԥеит алтә кәыба.

Платон Кьиласониа ипоезиаҿы асатира рацәазаргьы, иара ихаҭа уахьихәаԥшуаз лахьеиқәрак зцыз илакҭа узгәамҭарц алшомызт.

© Foto / Элеонора КогониаПлатон Киласония
Гитлер дыхьӡзыртәуаз апоет: Платон Кьиласониа ирҿиара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Платон Киласония

Сара еснагь иџьасшьон, абас алаф зҳәо ауаҩы, ихы шьҭацаланы, дынкахәыцуа ихала адунеи дзықәузеи ҳәа? Дауҭ Кьиласониа ихылҵыз ԥшьҩык ыҟан, аха сара исгәалашәонаҵы ақыҭараҿы инхоз Платон заҵәык иакәын, иаҳәшьа Татиана аамҭа-аамҭала даалон ҳамҳәозар. Иашьцәа руаӡәы Мельтон Очамчыра дынхон, уаҳа сара уаҩ дсыздыруамызт дара рыҩнаҭа иатәыз, рыжәла зыжәлаз ҳара ҳқыҭаҿы уаҳа уаҩ дынхомызт.

Абар уажәшьҭа иҵӡозеи Кәтолтәи апоет Платон Кьиласониа идунеи иԥсахижьҭеи? Уи ари адунеи аанижьит 1977 шықәсазы, 69 шықәса дшырҭагылаз. Ибзианы исгәалашәоит уи амш. Иара дышзаҵәызгьы, аҭаацәара даламлакәа ихала дшынхозгьы, дҩыжәыҩны-дӡыжәыҩны дыҟамызт, ақыҭауаа ҳаҭыр иқәырҵон.

Уажә аабыкьа иаасыртит амаӡа, избан ҳгәыла абырсҟак Гтилер ихьӡыртәра иазикыз ацәаҳәақәа зырацәоу азы. Гитлер дыхьӡзыртәуаз апоет изку аколонка азхәыцра саналага, инысымҩа иҵегь санагәылала еилыскааит уаанӡа исзымдыруаз аҭоурых. Аџьынџьтәылатәи Аибашьра ду аан, хабарда дыбжьаӡзаап 22 шықәса зхыҵуаз Платон иашьеиҵбы Артиом. Иахьоуп ианеилыскааз, адәахьала илафуаз апоет дзынхьаауаз. Знык иадамзаргьы уи ихьаа далацәажәо сымбацызт, аха Гитлер изикуаз ахьӡыртәрақәа рыла иааирԥшуан афашистцәа заҟа ихәынгеишьоз.

1941 шықәсазы Платон иажәеинраалақәа руак аҿы иҳәоит:

Хыхьынтә ишәхалар,

Асовет ҳаирплан.

Усҟан еилагоит,

Еиҿышәкааз аплан.

Платон Кьиласаниа аибашьра иазикыз ицәаҳәақәа зегь рҿы аиааира асовет ир ишыргоз азы ӷәӷәала агәра шигоз еилукаауеит:

Анемсаа ҳаӷәӷәоуп ҳәа,

Баша шәмыҽхәан.

Шәара ҳашәхәаҽуеит ҳәа,

Шәыгәгьы иҭашәмыршәан…

Алексей Джонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Ҳаԥсадгьыл ду зыхьчоз апоет: Алықьса Џьонуа изы ажәа

1942 шықәсаз хабарда дыбжьаӡит ҳәа иԥхьаӡо Артиом Кьиласаниа изку аинформациа иахьазы даара имаҷуп, дара рнышәынҭрақәа рҿы ихнымҳәыз рашьа ихьӡала ишьҭоу ахаҳә аҿы иану аҩыра ада. Убраҟоуп иахьаҳәо 1942 шықәсазы иҿахҵәеит ҳәа аибашьҩы иԥсҭазаара.

Сгәанала, апоет Платон иашьа ибжьаӡра даара ихьааигон, разҟыла дахьеиқәшәамыз адагьы. Ахьаа имаз хьӡыртәрала ихиҽуан, уаҳа маӡас иамахарыз, нас, зырҿиара Гитлер ихьӡыртәра агәылсны ицо изы. 1945 шықәсазы иҩыз "Уи игәҭакы зымнаӡеит" захьӡу ажәеинраалаҿы Платон иааирԥшуеит адунеи знапаҿы аагара хықәкыс измаз Гитлер игәы дшеижьаз:

Далалт уи Урыстәыла,

Амцабз ахыжь иблырц.

Игәы иҭан гәаныла,

Адунеи мцала иқәихырц…

Аха нас, ажәеинраала анаҩстәи ацәаҳәақәа рҿы Платон иҳәоит, афашист акгьы шилымшаз:

Аха игәҭакы зымнаӡеит,

Дааин дахьгылаз дзымқәацеит…

Платон Кьиласониа ирҿиамҭаҿы Гитлер ихьӡыртәра адагьы, асовет ар ажәеинраалақәа рыхьӡниҩлоит. Ишәҟәы хәыҷы аауртыр, уажәы-уажә иуԥылоит аибашьцәа рфырхаҵара аазырԥшуа ацәаҳәақәа:

Гитлер хымдыр иԥацәа,

Иргарц иашьҭан ҳа ҳ-Кавказ,

Аха иддыркит анамаз…

Платон Кьиласаниа иҩымҭақәа рӷьырак бжьаӡит рҳәон ақыҭаҿы, иара уиаҟара иҵгәоз дахьимамыз азы. Усҟан иҭыҵуаз агазеҭқәа рҿы иҩымҭақәа уарла-шәарла ицәырҵуан, зегьы икьыԥхьыртә еиԥш алшара имамызт. Иара идунеи аниԥсах ашьҭахь, иҭынхаз архив Очамчыра инхоз иашьа Мельтон иԥа Фридон иҩны иҟан. Арԥыс игәы иҭан иаб иашьа иҩымҭақәа еидкыланы рҭыжьра, аха 1992 шықәсазы иҳақәлаз аӷа игәыхәтәы дахьимыгӡеит. Ҳара ҳаибашьра анцоз Фридон Кьиласониа Мрагыларатәи афронт аҿы деибашьуан. Очамчыра игылаз иҩны, иаб иашьа иархивгьы налаҵаны аӷацәа ирблит. Аибашьра анеилга, аибашьҩы иҭаацәеи иареи рыҩны ианахыла ауп ианеилкааха рҭаацәара рҭоурых зҳәоз адокументқәа зегь ықәццышәаа ишцаз. Машәыршәа еиқәхеит, даҽаџьара иԥхьакыз фото заҵәык, иара убас, Платон иажәенираалақәа рыхәҭак. Фридон дырҩагьыхь иаб иашьа иҩымҭақәа рҭыжьра дазхәыцуа далагеит, аха игәахәтәы намӡеит, иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Абасала, иахьа ирацәам Гитлер дыхьӡзыртәуаз апоет илитературатә ҭынха, аха усгьы, инхазгьы иаанарԥшуеит анемец фашистцәа рҵәатәышьаҟа Гитлер ихьӡыртәра-цәаҳәа хаданы ишалсуа Кьиласаниа ипоезиа:

Ир ишырҳәоз "зер гәуҭ"

Ихжәеит рымчра амызгәыҭ….

Ажәабжьқәа зегьы
0