АҞӘА, лаҵара 13– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 210-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 28-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 49-ҩык, урҭ рахьтә 35-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-ҩык, ибжьаратәуп - 15-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп быжьҩык. Очамчыра ирхәышәтәуеит 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ԥшьҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>