Аслан Бжьаниа Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

© Foto / пресс-служба Президента РА Президент Аслан Бжания возложил цветы к могиле Владислава Ардзинба
 Президент Аслан Бжания возложил цветы к могиле Владислава Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Анапаҵаҩра
Лаҵара 14 рзы Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 76 шықәса ихыҵуазаарын. Ари аҽны иара анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭаҿ Амемориал аҿаԥхьа имҩаԥган ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара.

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Ацеремониа иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Валери Делба, Апарламент адепутатцәа, аиҳабыра алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

© Foto / пресс-служба Президента РААслан Бжьаниа Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
Аслан Бжьаниа Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Аслан Бжьаниа Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

 

Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ракадемик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа алахәыла, иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә уааԥсыра, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.

Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны далагоит аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.

Владислав Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Ҳадгьыл еиԥш дыԥшьоуп: Владислав Арӡынба диижьҭеи 76 шықәса ҵит

Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан. Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ари аибашьраҿы аԥсуа жәлар иргаз Аиааиреи иахьатәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи.

1994 шықәса, абҵара 26 рзы В.Г. Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхуеит.

Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0