Аԥсны АҶА ашьхарақәа рҿы иӡыз атурист иԥшаара ишаҿыц иаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Анапаҵаҩра
Атуристцәа ргәыԥ лаҵара 3 рзы атуристтә маршрут ала ашьхарахь идәықәлеит. Дара хынҳәраны иҟан лаҵара 10 рзы. Аха амшцәгьа иахҟьаны еиҵахеит. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа руаӡәк ацхыраара шиҭаху, иара дныжьны агәыԥ рхала илбаарц ишаҿу.

АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ашьхараҿы иӡыз 64 шықәса зхыҵуа екатеринбургтәи атурист Владимир Улианов дыҟазар ахьалшо аҭыԥ ахь рымҩа иацырҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҿы.

"Ҳара ҳаспециалистцәа иара дыҟазар ахьалшо аҭыԥ ахь рымҩа иацырҵоит. Дара ашьха Ӡыхәа ахалара иалагахьеит. Атурист дыҟоуп ҳәа ахьырҳәо аҭыԥ аҟынӡа 20 километра раҟара бжьоуп. Ус ауп атуристцәа ргәыԥ адырра шыҟарҵаз. Ҳгәыӷуеит иара уа дыҟоуп ҳәа", - рҳәеит аминистраҿы.

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала, агәыԥ аинструктор Анна Гилева илҳәеит абазахь атуристцәа зыхнымҳәит рымҩа иахьацәыхҟьази асоуреи акырцхи иахьалагази азы. Уа дырзыԥшын рҩызцәа руаӡәк. Дара ирыӡбеит ацхыраара иаҳәарц Аԥсны АҶА аҿы.

Горы Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа быжьҩык урыстәылатәи атурист иԥшаара иаҿуп

Аусбарҭа уаанӡатәи адыррақәа рыла, атурист дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҵакыра вертолиотла иахаԥраарц иалагеит, аха аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны шьапыла идәықәлар акәхеит.

Атуристцәа ргәыԥ иалахәуп Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Атуристцәа егьырҭ ргәыԥ лаҵара 13 рзы Ачадараҟа илбааргеит. Дара уа аангыларҭа рыман. Лаҵара 14 рзы дара ареспублика аанрыжьит.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иажәақща рыла атуристтә гәыԥ аминистррахь азыҳәа нанашьҭит рмаршрут азы. Ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь амҩа иқәлеит. Иара иҳәеит иалхыз амаршрут шыуадаҩу, уи адагьы лаҵара 9 рзы арҭ аҭыԥқәа рҿы асы шлеиз.

Ажәабжьқәа зегьы
0