Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсны араионқәа зегьы рҿы алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация в Абхазии
Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа аҟынтәи алаҵа "Спутник V" Аԥсны аҟаҵара иалагеит лаҵара 11 рзы. "Спутник V" Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы.

АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара, апунктқәа аартуп араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардан.

"Зехьынџьара ҳнеины аусқәа шеиҿкаау гәаҳҭеит, еилаҳкааит аҳақьымцәа, амедиеҳәшьцәа шазхо", - иҳәеит Вахтанг Аҩардан.

Аҟәа алаҵаҟаҵара мҩаԥыргоит ақалақьтә поликлиникаҿы. Лаҵара 18 азы Синоп иаартхоит аҽа пунктк.

"Ареспубликаҿтәии ақалақьтәии хәышәтәырҭақәа рҿы алаҵаҟаҵара мҩаԥыргоит аусзуҩцәа рзы. Ақалақьтә поликлиникаҿ изҭаху неины алаҵа ҟарҵар рылшоит", - иҳәеит иара.

Алаҵаҟаҵаразы аԥсуа тәылауаҩшәҟә умазароуп, Аҟәа ауааԥсыра аҭыԥантәи аҭаҩра рымазароуп. Ақалақь анҭыҵ инхо рҭыӡҭыԥ ала алаҵа ҟарҵар рылшоит араионқәа рҿы. Алаҵа ҟарҵаанӡа атерапевт апациент ишоура гәеиҭоит, диазҵаауеит игәабзиараз иҳәоит иара.

"Аҳақьымцәа ауаҩы игәабзиара ҭырҵаауеит. Алаҵа ҟазҵаз апациентцәа 20-30 минуҭ уа иаанхоит. Анаҩс алаҵа шыҟарҵаз азы аршаҳаҭга рыҭахоит. Уа иарбахоит алаҵа аныҟаҵоу арыцхә. Аҩбатәи алаҵа 21 мшы рышьҭахь иҟаҵатәуп" - иҳәоит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Иара иажәақәа рыла астатистикатә рбагақәа ыҟам. Алаҵаҟаҵара рылшоит изҭахны иҟоу, уи азы ԥкырак ыҟамзар.

Ампулы с вакциной Гам-КОВИД-Вак (Спутник V) в мобильном пункте вакцинации от COVID-19 в торговом центре Арена Плаза в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Лаҵара 17 рзы Аҟәа иаатуеит COVID-19 аҟынтәи даҽа лаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥк

Уаанӡа аҳақьым-терапевт Викториа Гетиаԥҳа иазгәалҭахьан алаҵаҟаҵара шзалымшо ауаҩы инфекциак ицәа иалазар.

"Ачымазара зхызгахьо алаҵа рзыҟарҵоит. Ачымазара ашьҭахь фымз аныҵлак ауп ианыҟаҵатәу ҳәа ишьоуп. Убри аан ичмазаҩу алаҵа изыҟаҵара зынӡагьы иҟалаӡом. Апациентцәа анкета ҷыда хадырҭәаауеит. Уа иадырбоит аҵыхәтәантәи аҩымчыбжь рҭагылазаашьа зеиԥшраз", - лҳәеит лара.

Алаҵа ҟазҵаз алаҵа шыҟарҵаз азы аршаҳаҭга рыҭахоит. Уа иарбахоит алаҵа аныҟаҵоу арыцхә. Аҩбатәи алаҵа 21 мшы рышьҭахь иҟаҵатәуп.

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник-V" 6500 доза Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Иара иахәҭоу аҭахрақәа ирықәыршәаны аҵәахырҭаҿ ишьҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0