Урыстәыла хымԥадатәи алаҵаҟаҵара алагалазарц анахәҭоу аҭагылазаашьа аӡбахә ҳәоуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМассовая вакцинация от COVID-19 в России
Массовая вакцинация от COVID-19 в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Атәылауаа ргәабзиара ахьчаразы азакәан аҿы иарбоуп атәылауаа амедицинатә цхыраара хатәгәаԥхарала адкылареи мап ацәкреи рзин шрымоу.

АҞӘА, лаҵара 20 — Sputnik. Аус зуа азакәанԥҵара азин ҟанаҵом урыстәылаа мчыла алаҵа рзыҟаҵара ҳәа лҳәеит Агәабзиарахьчара аекономика аинститут адиректор Лариса Попович. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.

Лара илҳәеит асеиԥш аҭакԥхықәра алагаларазы азакәан аԥсахра шаҭаххо.

Начало курортного сезона в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2020
Урыстәылатәи атуристцәа рыдкылара иазыхиоу атәылақәа рыхьӡ ҳәоуп

Уаанӡа Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев аҳәамҭа ҟаиҵахьан урыстәылатәи анапхгара иахьазы алаҵаҟаҵара хатәгәаԥхарала иалнахыз амҩа ишықәныҟәо, аха зны-зынла аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчаразы асеиԥш иҟоу аусқәа хымԥадатәи аҟазшьа рымазар ауп ҳәа.

Попович лажәақәа рыла алаҵаҟаҵара мап ацәкра иалкаау усурақәак рахь анамышьҭра ахылҿиаар алшоит, ма иԥкырахар алшоит ахәыҷааӡарҭа, аҵаратә усҳәарҭа, агәабзиарахьчаратә усҳәарҭа рахь анеираз.

"Ари ихымԥадатәиу аиқәыԥхьаӡоуп", - ҳәа лҳәеит Попович.

Алаҵаҟаҵара мап ацәкразы ахарадҵа ҟиура ҟалоит амапкра иахҟьаны егьырҭ ауааԥсыра ргәабзиара ашәарҭара иҭагылозар ҳәа лҳәеит Попович.

Ажәабжьқәа зегьы
0