00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
"Ахьыуардын" аҟынтә анҵамҭа
13:42
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
413 дней
14:36
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
2028 шықәсазтәи ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат CONIFA Аԥсны амҩаԥгаразы азыҳәа нанашьҭуеит .Атурнир Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз аиааира 35 шықәса ахыҵра иазкхоит. Абри атәы иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, CONIFA ахада Пер-Андерс Блинди иареи реиԥылараан."Ачемпионат амҩаԥгара Аԥсны азы илшара дуны иҟалоит — ахы аарԥшразы, атәыла азхьаԥшра аҭаразы, иара убас Аԥсны жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы аӡыргаразы иацхраауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба. Пер-Андерс Блинд агәрагара ааирԥшит CONIFA алахәылацәа 2028 шықәсазтәи адунеи ачемпионат амҩаԥгаразы Аԥсны акандидатура ишадгыло.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ахәышәтәырҭақәа рҿы ахәшәқәа рхылаԥшразы ацифракра мҩаԥнагалоит. Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Оҭырб. Агәабзиарахьчара аминистрра анапхгара ҿыц ахәшәқәа ашәҟәы рҭагаларазы иаку ажурналқәа аларгалахьеит, агәаҭарақәа мҩаԥыргахьеит ҳәа азгәеиҭеит иара. Анаҩстәи аетап – асистема иаку сианы аҟаҵароуп.Иара иажәақәа рыла, уи иалнаршоит ахәшәқәа рныхреи апациентцәа хәшәыла реиқәыршәаразы ахарџьқәеи рхылаԥшра.
Путин ахатәхаҿқәа ЕАЕС атәылақәа, Азербаиџьан, Таџьикисҭан, Узбекиcҭан рахь 1 млн мааҭ инареиҳаны напынҵала ралагалара азин ааникылеит ҳәа аҳәоит аусԥҟа. Арахь иаҵанакуам Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра зсиа ҳәаақәырҵо аҳаирбаӷәазақәа рыла аԥара алгара, урҭ алызго ахаҿы иԥхьаӡамҭа аԥара шахыхыз шьақәзырӷәӷәо абанктә гәылҩаақәа имазар.Аусԥҟа адҵа ҟанаҵоит аилагара аҭыԥ амазар аԥара рымырхырц.Уаанӡа Урыстәыла ахатәхаҿқәа рзы алимит $100 нызқь ыҟан, аха аԥкрақәа Азербаиџьан, Таџьикисҭан, Узбекисҭан рыҵаркуамызт.
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апублицист Даур Занҭариа изку асахьаркыратә фильм "Мириада" аҭыхрақәа ирылагарц ргәы иҭоуп 2027 шықәсазы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит автор, арежиссиор Атана Агрԥҳа. Лара лажәақәа рыла, афильм атизер азыхиоуп, агрант аиуразы Урыстәыла акультура Аминистрраҟны апроект ахьчаразы ақәыргыларагьы сынтәа иҟалоит. Арҿиаратә команда еизгоуп, актиорцәагьы ароль хадақәа рзы ишьақәырӷәӷәоуп. "Урҭ ари аҭоурых даара иарцыхцыхуеит. Ароль хадақәа нарыгӡоит Пиотр Фиодорови – Даур Занҭариа ироль назыгӡо, Сергеи Гилеви. Урҭ Урыстәыла иреиӷьу артистцәа иреиуоуп", ҳәа азгәалҭеит лара.
Жәлар рыкәашарақәа рфестиваль мҩаԥысуеит Ахақәиҭра ашҭаҿы. Аусмҩаԥгатә Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амшныҳәа аҳаҭыраз имҩаԥыргоит.Уи иаҭааит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Минасиан, Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, Аҟәа ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.Афестиваль иалахәуп аҳҭнықалақь азеиԥшҵаратә усҳәарҭақәа рҵаҩцәа. Урҭ Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵарақәа ирызку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.Афестиваль еиҿнакааит — Аҟәа ахадара аҵара аусбарҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0