Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәынба иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә сезон аҳәақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоу аусхқәа ртәы

© Sputnik Адамыр Гунба
Адамыр Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә сезон аартхоит Игор Моисеев ихьӡ зху аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль аҟәатәи афилармониаҟны рықәгыларала, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит акультура аминистрра аҟазареи акультуреи рыҟәша аиҳабы Адамыр Гәынба.
Гәынба иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә сезон аҳәақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоу аусхқәа ртәы

Аконцерт мҩаԥгахоит лаҵарамза 25-26 Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

"Апрограммаҿы иарбоуп еиуеиԥшым ажәларқәа рыкәашара, аха еиҳарак Урыстәыла жәлар рыкәашара. Сгәанала, апрограмма аинтерес аҵоуп, зегьы ааԥхьара раҳҭоит. Ҳәарада, ансабль иҿыцу ақәыргыламҭақәа ҳадыргалоит. Уаанӡа ҳажәлар ирбахьо акәашарақәа шыҟоу еиԥшгьы, иҟоуп ҿыц ақәыргыламҭақәагьы. Апрограмма сааҭки бжаки рҟынӡа еиқәыршәоуп", - еиҭеиҳәеит Гәынба.

Урыстәылатәи аколлектив раԥхьаӡа акәны Аԥсны иқәгылеит 2013 шықәсазы, Урыстәыла амш азгәаҭараан, "Аԥсны-Урыстәыла" акультуратә сезон аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль аԥиҵеит ахореограф Игор Моисеев 1937 шықәсазы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0