Башар Асад Шьамтәыла ахада иалхрақәа рҿы аиааира игеит

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит вице-премьера РФ Д. Рогозина в Сирию
Визит вице-премьера РФ Д. Рогозина в Сирию - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада иалхрақша рзы абжьыҭара рхы аладырхәит 78 процент алхыҩцәа, зынӡа 14 миллионҩык атәылауаа.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Шьамтәыла иахьатәи ахада Башар Асад 95,1% алхыҩцәа рыбжьы иманы аԥыжәара игеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәыла Апарламент аиҳабы Хаммуд Саббаг. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Акандидат Башар Асад изы рыбжьы рҭиит - 13 миллион 540 нызқь 860-ҩык. Бжьеиҳала аиааира игеит. Абжьыҭара азин рыман 18 миллион 107 нызқь 109-ҩык. Абжьыҭарахь инеиит 14 миллион 239 нызқь 140-ҩык. Асад 95,1% абжьы иоуит", - иҳәеит Саббаг.

Лаҵара 26 азтәи абжьыҭарақәа рҟны ауаа рацәа рыҟазааразы хә-сааҭк аамҭа иацҵан. 12 нызқь алхырҭатә ҭыԥқәа аус руан ашьыжь асааҭ 7.00 инаркны ҵхагәанынӡа. Аофициалтә дыррақәа рыла, еилагара ыҟамызт.

Представители Абхазии принимают участие в качестве наблюдателей на выборах президента в Сирии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Аԥснытәи адипломатцәа наԥшыҩцәак раҳасабала Шьамтәылатәи алхрақәа ирылахәуп

Асад атәыла ахадас дыҟоуп 2000 шықәса раахыс. Уажәы даҽа быжьшықәса ҳәа далхуп.

Ахада иабжьгаҩ Бусеина Шаабан РИА Новости аинтервиу аналҭоз илҳәеит мраҭашәаратәи апропаганда иахьмырԥшыкәа ауаа рацәа алхрақәа иахьрылахәхаз ишьақәнарӷәӷәоит атәыла анапхгара адгылара шрымоу.

Аԥсны ахьӡала наԥшыҩцәас иҟан: Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба, ацҳаражәҳәаҩ ицхырааҩ Қәҭеиба Фом Хасан, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Жанбу Абаза Агрба.

Анаԥшыҩцәа наԥхьан Урыстәылантә, Алада Уаԥстәылантә, Китаинтә, Иранынтә, Иракынтә, Белоруссиантә.

Ажәабжьқәа зегьы
0