Акоронавирус рыдырбалеит даҽа 29-ҩык Аԥсны атәылауаа, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15360-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14737-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 234-ҩык.

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 244-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 29-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Акоронавирус злаз 66 шықәса зхыҵуаз апациент иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭаҿы лаҵарамза 31 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 31-ҩык, урҭ рахьтә 31-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 18-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 34-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 10-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0