Аҟәа ахәыҷқәа рыхьчара Амш азгәарҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДень защиты детей
День защиты детей  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2021
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан еиуеиԥшым апрограмма, бзиа еицырбо амультфильмқәа рфырхацәа рԥылара, ашәақәа рфестиваль.

АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. Ахәыҷқәа рныҳәа хада – Ахәыҷқәа рыхьчара амш азгәарҭеит Аҟәа. Дара рзы иазырхиан аконцертқәа, ақәгыларақәа, аниматорцәа ааԥхьан.

 Детский рисунок на асвальте - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Хәыҷроуп иҟоу: Ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа Аԥсны

Аҳҭнықалақь аҿы ԥшшәы рацәала еилаԥсан апрограмма аиҿкаашьа. Шьыжьнаҵы аспорт абзиабаҩцәа  еиԥхныҩлон.

Аамҭақәак рышьҭахь Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы традициак еиԥшхахьоу асахьақәа рҭыхраз аицлабра мҩаԥган. Ахәыҷқәа иҭырхуан дара рдунеи досу ишибоз. Иара ҭәын шәҭыла, еиуеиԥшым ԥшшәхәыла.

Хәышықәса зхыҵуа Амина лласба хәыҷы Џьек асахьа ҭылхырц лыӡбеит. Иара акалашәа иссируп – аҵыхәа гәилԥшшәылоуп, алымҳақәа шьацԥшшәылоуп. Амина ишылҳәо ала, иара аԥсҭазаараҿы акаҳуаԥшшәы иаманакуеит.

"Иареи сареи ҳаиҩызцәоуп, еснагь ҳаицыхәмаруеит", - лҳәоит лара.

Амшын аԥшаҳәа аччабжьи абжьырацәеи ықәыҩуан. Аҵааршәи абымба хааи ахьырҭиуаз аҭыԥқәа рҿы агәаран иқәгылан аҭаацәеи ахшареи.

Ахәыҷқәа ирыдныҳәалон амультфильмқәа рфырхацәа – Леди Баг, Скаи, Белоснежка, ақьачақьцәа. Урҭ урыцыхәмарыр, урыцкәашар ҟалон.

Аӡыршә ахьгылоу ашҭаҿы имҩаԥган  ахәыҷы сахьаҭыхратә студиақәа "Сальвадор", "Мухус", "Промоарт" рааӡамҭацәа русумҭақәа.

Есышықәса Ахәыҷқәа рыхьчара амш – рашәара 1 аҽны акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" мҩаԥысуеит Аҟәа, "А-бургер" захьӡу ақьафурҭақәа ҩба рҟны.

Есышықәса ари акциа иадрыԥхьалоит Аԥсны еицырдыруа, аекранқәа рҟны лассы-ласс ицәырҵуа ауаа, афонд апартниорцәа, урҭ акассаҿы игыланы, ихәаахәҭуеит. Иеизырго аԥара ахәыҷ чымазцәа рыхьӡала инарышьҭуеит.

Ақәԥаҩ Хабиб Нурмагомедов асанкциақәа ирыхҟьаны Аԥсныҟа дахьзымааз  згәы иалоу рацәаҩуп. Аха амш ахәылԥаз  еиҿкаахеит ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа рфестиваль "Абжьы зхоу".

Ажәабжьқәа зегьы
0