Аҟәа COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵара аҩбатәи аетап иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциаҟынтәи урыстәылатәи "Спутник V" ала алаҵаҟаҵара Аԥсны ихацыркын лаҵара 11 азы.

АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik. Аҟәа алаҵаҟаҵара аҩбатәи аетап иалагеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.

"21 мшы ҵит раԥхьатәи апациентцәа ақалақьтә поликлиника №1 аҟны алаҵа рзыҟарҵеижьҭеи. Иахьа аҩбатәи алаҵа рзыҟарҵоит. Аԥхьанатә ауаа алаҵаҟаҵара азҵаара иацәшәо иазнеиуан, аха нас еиҳа инарҭбааны аинформациа роуа ианалага иаҳҭаауа иалагеит. Иахьазы ԥхынгәы 7 аҟынӡа асиақәа ҭәуп", - ҳәа лҳәеит лара.

COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара иалагазар, зықьҩык рҟынӡа алаҵа рзыҟарҵахьеит.

"Асанитар-епидемиологиатә маҵзура иазгәанаҭоит акоронавирус зыдбаламыз ауаа ацәеижьҿагылақәа рзы ршьа анализ арымҭар шауа", - ҳәа лҳәеит аҳақьым.

Министр юстиции Абхазии Анри Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟаиҵеит

Ирма Воуԥҳа еиҭалҳәеит алаҵа ззыҟарҵаз рҟынтәи ишыҟаз акоронавирус змаз. Аха убри аангьы апациент изы шәарҭара аҵам. Алаҵа ачымазара амҩасшьа арԥсыҽыр ауеит", - ҳәа лҳәоит лара.

COVID-19 зхызгахьоу алаҵа ҟарҵар рылшоит фымз рышьҭахь ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа. Лара лазԥхьагәаҭара ала, адинамика шцо ицар, аҳҭнықалақь аҿы алаҵаҟаҵара актәи апартиа ҩымз рыҩнуҵҟа имҩаԥгахоит.

  • Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аҟны инарҭбаау лыҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Лаҵара 28 рзы амедусзуҩцәа аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭарҳәеит "британиатәи аштамм" ареспубликаҿы ишазгәаҭо.

Аԥыза-министр иҳәеит ареспубликаҿ алаҵаҟаҵара хымԥадатәхар шауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0