АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. Урыстәыла атәылауаа ԥынгылада адунеи атәылақәа рахь ицалар рылшоит алаҵа ҟазҵаз рхыԥхьаӡара 60% ианеиҳахалак ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны жәларбжьаратәи амаҵзурақәа рредакторцәа хадақәа рԥылараан Путин адырра ҟаиҵеит 60% ауааԥсыра COVID-19 аҟынтәи алаҵа рзыҟаҵаны иалгоит ҳәа иазгәаҭаны ишрымоу ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы.
"Убри ашьҭахь ҳалацәажәар ҟалоит ҳара ҳахь иаҳа ирацәаҩны ауаа аара рылшо ирылымшо атәгьы, иара убас ҳара ҳтәылауаагьы егьырҭ атәылақәа рахь, Европагьы убрахь иналаҵаны, еиҳа имарианы ицало аҟаҵарагьы", - иҳәеит Путин.
Убри аан Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит европатәи аҭышәныртәалаҩцәа иазхәыцыр шыцәгьамыз урыстәылатәи алаҵа ҟазҵахьоу егьырҭ алаҵақәа ҟазҵахьоу излареиԥшым ҳәа акгьы шыҟам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ҩ-нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵеит