Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳаџьымԥҳа аицлабра "Араӡны калам" алҵшәақәа рзы: сыхәҭаахьала сыззыԥшыз еиҳан

© SputnikСаида Хаджимба
Саида Хаджимба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2021
Анапаҵаҩра
Алитературатә конкурс "Араӡны калам" хыркәшоуп. Алҵшәақәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку Саида Ҳаџьымԥҳа.
Ҳаџьымԥҳа аицлабра "Араӡны калам" алҵшәақәа рзы: сыхәҭаахьала сыззыԥшыз еиҳан

Алитературатә рҿиамҭақәа раԥҵареи исахьаркны раԥхьареи иазку аҟазаратә еицлабра "Араӡны калам" хыркәшоуп. Уи еиднакылеит асахьаркыратә ажәа занааҭла знапы алакымгьы. Аԥхьахәтә ҭыԥқәа еиҩызшаз, иреиӷьу аҩымҭақәа иравтору, аиҿкааҩцәа рҿаԥхьа иқәдыргылаз ахықәкы анагӡара ахьынӡарылшаз атәы еиҭалҳәеит аицлабра аиҿкааҩцәа ируаӡәку Саида Ҳаџьымԥҳа.

"Даараӡа ҳгәыӷуан аицлабраҟны аиҵбыратә абиԥара 12 инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз рҟынтәи иаҳа аҩымҭақәа ҳауеит ҳәа. Урҭ уажәы иаҳа асахьаркыратә литература иазааигәоуп ашколтә программа иахьалоу иабзоураны, иаҳа агәыбылра рымоуп ҳәа ҳгәы иаанагон. Аицлабра ҩ-бызшәакны иҟан. Даара сгәыӷуан аԥсышәала ари ақәраҟны аҩымҭақәа рацәаны иҳауеит ҳәа. Имаҷӡоуп ари ақәраҟны аҩымҭақәа алазҵаз, зынӡа иахьаларымҵаз аноминациақәагьы ҟалеит. Уи, ҳәарада, изызхьаԥштәу, иҭҵаатәу, мзызс иамоу еилкаатәу усуп. Ахәыҷқәа асахьаркыратә литература зынӡаск иамыԥхьо, агәыбылра рымаму, мамзаргьы аҩраҟны рхы ԥыршәарц рҭахыму, изырҭахым ҭҵаатәуп", - лҳәеит Ҳаџьымԥҳа.

Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0