Аԥсны Апарламент Амилаҭтә банк 2020 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба аднакылеит

© Sputnik Нацбанк Абхазии
Нацбанк Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә банк 2020 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба рашәара 10 азы Апарламент аилатәарахь инаган.

АҞӘА, рашәара 10- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент Амилаҭтә банк 2020 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба аднакылеит.

Аҳасабырба адепутатцәа ирыдылгалеит абанк ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Диана Занҭариаԥҳа. Лара иазгәалҭеит 2020 шықәса имариамыз шықәсны ишыҟаз, уи аекономикатә рбагақәа ирнымԥшыр шамуаз.

"2020 шықәсазтәи афинанстә усура аидкыла баланс арбагақәеи 2019 шықәсазтәи арбагақәеи реиҿырԥшраан иубоит уи 59% ишеиҵахаз. Аекономика ианыԥшит аҳәаа аркра, абанктә системаҿ ауадаҩрақәа. Ус шакәызгьы ашықәс анҵәамҭазы арбагақәа акыр еиӷьын", - лҳәоит лара.

Занҭариаԥҳа лажәақәа рыла, 2020 шықәсазы ирҭбаан жәларбжьаратәи аԥарашәаратә система аструктура, ашәҟәы иҭагалан абанктә хсаалагақәа аус рыдуылареи рымаҵ ауреи зырмарио 440 POS-терминал ҿыц.

"2020 шықәсазы, аҳәаа анаадырт ашьҭахь жәларбжьаратәи аԥарашәаратә системақәа рыла ашәарақәа рымҩаԥгара иазҳаит. Аԥсны абанк ари аструктура арҭбаара аполитика мҩаԥнагоит. Ахсаалагақәа Apra Аԥсны анҭыҵ рхархәара аус адуылан. Ииасыз ашықәс азы х-миллион мааҭк рҟынӡа операциа мҩаԥган", - лҳәоит лара.

Занҭариаԥҳа иазгәалҭеит Амилаҭтә банк жәларбжьаратәи аԥарашәаратә системақәа рыла ашәарақәа рымҩаԥгара аполитика шарҿиало.

Ажәабжьқәа зегьы
0