АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Абжьаратәи Азиа ареспубликақәа рҟынтәи жәҩык аҳәаанырцәуаа аурыс-аԥсуа ҳәаа аҳәаахьчаратә зонаҿы иаанкылан. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳәаанырцә тәылауаа Шәача, Адлер араион аиланхарҭақәа Нижниаиа Шиловкеи Весиолоеи рҿы инхон, убри аан аҳәаахьчаратә зона иахьаҵанакуа анхаразы иахәҭаз адокументқәа рымамызт.
Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа адырра ала, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҭаараан аҳәаахьчаратә режим аиламгаразы иахәҭоуп аҳәаахьчаратә режим аԥҟарақәа рықәныҟәара.
Аҳәаахьчаратә усбарҭа агәҽанҵара ҟанаҵоит ԥкырада аҳәаахьчаратә зонаҿ аҟазааразы ухаҭара шьақәзыргыло адокументқәа рыдагьы аушьҭразы ашәҟәы умазароуп ҳәа. Уи иалнаршоит хә-километрак рҟынӡа аҳәаа иаԥну аҵакыраҿы аҟазаара. Анаҩс аҭаларазы иахәҭаны иҟоуп азин ҷыда аҳәаахьчаратә зонаҿы аҟазааразы.
Аҳәаанырцә атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи аҳәаахьчаратә зона аҭалареи уа аҟазаареи мҩаԥыргар рылшоит рхаҭара шьақәзырӷәӷәо адокументқәеи азин ҷыда анрымоуи.