"Ҳаицхыраауеит": Иуксаль Ҷықьԥҳа Аҳәса рхеилак аусура иазкны

© Foto / из архива Июксиаль ЧикбаЖенсовет в Турции
Женсовет в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Анапаҵаҩра
Иуксаль Ҷықьԥҳа (Сергьегьиаԥҳа) ԥшьышықәса ҵуеит Сҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак напхгара алҭоуижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны дара имҩаԥыргахьоу ауснагӡатәқәа ртәы анаҩстәи анҵамҭаҿы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Иуксаль Селааҭин-иԥҳа Ҷықьԥҳа (Сергьегьиаԥҳа) сынтәа ԥшьышықәсоуп Сҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак дахагылоуижьҭеи. Дара руалԥшьақәа иреиуоуп Кавказ ажәларқәа ркультура аиқәырхара, аҿар рхатәы бызшәа дырҵара, амилаҭ музыкеи, ачыси, анапуси рӡыргара, амамзаара змоу аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭара уҳәа.

© Foto / Саида ЖибаИуқсаль Ҷықьҧҳа
Ҳаицхыраауеит: Иуксаль Ҷықьԥҳа Аҳәса рхеилак аусура иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Иуқсаль Ҷықьҧҳа

Кавказ Адернеқь есыҽны аус ауан апандемиа ҟалаанӡа. Иахьазы Иуксаль аҳәса рыҽлымалдоит аинтернет ала.

"Апандемиа аԥхьа есыҽнытәи ҳаиԥыларақәа ныҳәак еиԥш имҩасуан, аџьџьаҳәа ҳаилатәан. Амилаҭ чыс иазҟазаз аҳәса рнапкымҭақәа ааргон, аишәақәа ҳархион. Уи адагьы акрызымуаз аҳәса алшара рыман раалыҵқәа ҳаизарҭаҿы рыҭира", - ҳәа азгәалҭоит Иуксаль.

© Foto / из архива Июксиаль ЧикбаСҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак
Ҳаицхыраауеит: Иуксаль Ҷықьԥҳа Аҳәса рхеилак аусура иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Сҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак

Аҳәса рхеилак аиҳабы лажәақәа рыла, дара ирзалху ауадаҿы аибабара анаҩс аилацәажәарақәа мҩаԥыргон. Иаҳҳәап, финансла еиҵахоу аҭаацәарақәа ыҟазар, урҭ азусҭцәоу еилкааны (хымԥада Кавказ амилаҭ иреиуоу) рсиа шьақәдыргылоит. Анаҩс доусы илшо еизганы раԥхьатәи ацхыраара изаадырԥшуеит.

© Foto / из архива Июксиаль ЧикбаСҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак
Ҳаицхыраауеит: Иуксаль Ҷықьԥҳа Аҳәса рхеилак аусура иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Сҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак

"Ҳара зегьы Кавказ ҳаиднакылоит, ари даԥсыуоуп, ари дчерқьесуп ҳәа зынӡа еилых ҳамаӡам. Иаҳзааиуа аҿаргьы ираҳҳәоит атәым дгьыл ду аҿы ҳмыӡырц азы аӡәыкны аидгылара шаҭаху. Иазгәасымҭарц залшом аҭыԥҳацәа ссирқәа шҳамоу. Дара аҳәса дуцәа ирыдтәаланы зегьы рҿырҵаауеит, рааӡара ҳкультура иашьашәало иҳаракуп, рыкәашара мацара зыԥсоузеи. Аӡӷабцәа реиҳараҩык ауниверситетқәа рҿы аҵара рҵоит, наҟ-наҟ азанааҭ бзиаӡақәа зоураны иҟоу роуп", - инаҵылшьит Иуксаль Ҷықьԥҳа.

© Foto / из архива Июксиаль ЧикбаСҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак
Ҳаицхыраауеит: Иуксаль Ҷықьԥҳа Аҳәса рхеилак аусура иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Сҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак

Сҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак алахәылацәа рахьтә иуԥылоит арҵаҩцәа, аҳақьымцәа уҳәа еиуеиԥшым азанааҭқәа змоу. Дара аусура ҳарааԥсеит ҳәа рхы ацәымгакәа, доусы ҽнак-ҽнак азалхны алекциақәа мҩаԥыргоит. Иуксаль Ҷықьԥа излазгәалҭо ала, иахьатәи ҳаамҭазы акырӡа ихәарҭароуп аҳақьымцәа рзыӡырҩра.

Иуксаль лажәақәа рыла, арҵаҩы изанааҭ змоу, ауниверситетқәа ирҭоу аҭыԥҳацәа, џьара зҵаарак рымазар, ирыцхраауеит. Шәҟәык рыгхар, ирзырԥшаауеит.

"Адунеи иалаҵәаз ачымазара бааԥсы аҽацәыхьчара уадаҩхеит. Аха сара иҭабуп ҳәа расҳәоит Ахеилак иалоу аҳәса аҳақьымцәа. Дара рабжьгарақәа даара иҳахәеит. Ҳгәабзиара арӷәӷәаразы ижәтәыз авитаминқәа, акоронавирус аҽацәыхьчаразы изықәныҟәатәыз аԥҟарақәа уҳәа иаҳзеиҭарҳәоз рацәан. Апандемиа иахырҟьаны ҳаизарҭахь ҳанзымцозгьы, амш азалхны аинтернет ахь ҳаиццәырҵуан", - инаҵылшьит Аҳәса рхеилак аиҳабы.

© Foto / из архива Июксиаль ЧикбаСҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак
Ҳаицхыраауеит: Иуксаль Ҷықьԥҳа Аҳәса рхеилак аусура иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Сҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак

Аицхырааратә ҟазшьа змоу аиԥыларақәа иаарласны ихацыркхап ҳәа агәаҳәара аалырԥшуеит Иуксаль.

"Ҭаацәак еиԥш ҳаишьцылеит азы иаҳцәыуадаҩхеит ас аибамбара. Знык Ахеилак ашә ааҳартыр, ҩаԥхьа иԥшьоу ҳус ҳнадгылон", - лҳәоит лара.

Зынӡа Адернеқь еиднакылоит ҩ-нызқьҩык Кавказ ахаҭарнакцәа. Аҳәса рхеилак иалахәылоуп 200-ҩык рҿынӡа.

Иуксаль лыжәла Ҷықьԥҳа (Ҷықьиԥа) ари абиԥара хьӡуп, Аԥсны Сергьегьиаа ҳәа ирышьҭоуп.

Кавказ акультура аиқәырхареи аӡыргареи ирзааԥсо аԥҳәыс лыԥшәма дчерқьесуп. Дара ҩыџьа аԥҳацәеи хҩык амаҭацәеи рымоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0