Рнапқәа хьуп: Ҭырқәтәыла инхо Ҭохәсуаа рҭаацәа аҭоурых

© Foto / Саида ЖибаЕда Ҭохәсуа
Еда Ҭохәсуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь иаԥну аԥсуа қыҭа Калдахәара (Балбалы) инхо Ҭохәсуаа рҭаацәара рыӡбахә ззымдыруа дыҟам. Аиаҳәшьцәа Едеи Ҳаџьари аҭаца лҩычага аиқәыршәараҿы рыкәша-мыкәша ирыцназго дыҟам, рашьа Олгун иакәзар, ацәгьеи абзиеи раан ачысҟаҵаҩыс даарыԥхьоит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Еда Ҭохәсуа 25 шықәса аус луан аҳәсеи ахацәеи рзы аныҳәатә маҭәа ахьырҭиуаз адәқьан аҟны. Анаҩс, аԥшәмацәа қьырала ирымаз ахәаахәҭратә ҭыԥ аныҟәгара анрылымша, Еда аԥара ахшәааны иҿылхит. Уажәшьҭа хәышықәса ҵуеит аԥҳәызба лхатә ус даҿижьҭеи.

© Foto / Саида ЖибаЕда Ҭохәсуа
Еда Ҭохәсуа - Sputnik Аҧсны
1/7
Еда Ҭохәсуа
© Foto / Саида ЖибаЕда Ҭохәсуа
Еда Ҭохәсуа - Sputnik Аҧсны
2/7
Еда Ҭохәсуа
© Foto / Саида ЖибаЕда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа
Еда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
3/7
Еда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа
© Foto / Саида ЖибаҲаџьар Ҭохәсуа
Ҳаџьар Ҭохәсуа  - Sputnik Аҧсны
4/7
Ҳаџьар Ҭохәсуа
© Foto / Саида ЖибаОлгун Ҭохәсуа
Олгун Ҭохәсуа - Sputnik Аҧсны
5/7
Олгун Ҭохәсуа
© Foto / Саида ЖибаЕда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа
Еда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
6/7
Еда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа
© Foto / Саида ЖибаЕда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа
Еда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
7/7
Еда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа
1/7
Еда Ҭохәсуа
2/7
Еда Ҭохәсуа
3/7
Еда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа
4/7
Ҳаџьар Ҭохәсуа
5/7
Олгун Ҭохәсуа
6/7
Еда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа
7/7
Еда Ҭохәсуа лнапкымҭақәа

Адәқьан ду ҩеихагылакны иҟоуп. Араҟа аҭаацәара иалало, аныҳәатә хәылԥазқәа рахь ицо аҳәсеи ахацәеи рзы иуԥылоит хкы рацәала амаҭәа. Аха Еда Адаԥазар ақалақьи иазааигәоу ақыҭақәеи рҟны еиҳагьы лыӡбахә злардыруа аҭаца маҭәа иацу аҩычагақәа рыҟаҵара дахьазҟазоу алоуп. Уи аҿы ацхыраара лылҭоит лаҳәшьа Ҳаџьар.

Ҳандан Папба - Sputnik Аҧсны
Ҳандан Папԥҳа: Ҭырқәтәыла инсыжьыз ҳәа егьыҟам, Аԥсноуп сыԥсы ахьҭоу

"Сара снапы злаку аус даара бзиа избоит. Хымԥада, амаҭәа аҭира мацара сгәалаҟазаара шьҭнахуамызт, уи иацу аҩычага еибысымҭозҭгьы. Саҳәшьеи сареи ҳаицхырааны аҭаца лзы иҟаҳҵоит ашәҭҿаҳәарақәа, ахцәыркыгақәа, еиуеиԥшым ахаҳә ԥшӡақәеи аимхәыцқәеи рыла иҳарԥшӡоит лыҵкы, лкасы", - ҳәа еиҭалҳәоит Еда.

Аԥҳәызба лыдәқьан аҟны рхы инаркны ршьапаҟнынӡа рҽеиларҳәар рылшоит ачара ззыруа рнаҩс, урҭ рҭаацәра, рҩызцәа. Убас араҟа ирыхәҳауеит аҳамҭақәа.

Анапҟаза хәыҷы Иалса Аҭрышԥҳа: сан лаҳәшьа илҿысҵааит аԥашьа

Ари адәқьан Еда қьырала ианылга ашьҭахь, иадҵаало иалагаз аԥсуаа рхыԥхьаӡара иацлеит.

"Адаԥазари уи азааигәареи инхо сыуаажәлар рыбзоурала иахьа сусура маншәаланы ишьақәгылоуп", - ҳәа азгәалҭоит ҳџьынџьуаҩ.

Ҭохәсуаа рҭаацәаразы "рнапы хьуп" рҳәоит. Аиҳәшьцәа рашьа Олгун иакәзар, ацәгьеи, абзиеи раан аԥсуаа ачыс ҟаҵаҩыс дрымоуп.

Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҩычага маҭәарқәа ӡырган Ҭырқәтәыла

Аԥснынтәи аделегациақәа Адаԥазар ианнеиуа, ақыҭақәа рҟны ирзеиҿыркаауа ачеиџьыка иара иоуп знапы иҵҵуа.

Ҭохәсуаа Калдахәара (Балбалы) рашҭа уанааҭало, иаразнак иудыруеит араҟа анапҟазацәа шынхо. Уахьынаԥшлак убла хыркуеит ԥшшәы рацәала аҩны-адәны зырԥшӡо ашәҭқәа, аҵиаақәа, урҭ рҭаргыларҭақәа еиҳагьы ихазыноуп, избанзар аиҳәшьцәа рнапала иҟарҵоит.

Акаҳуа ршны ианудыргалогьы, изықәгылоуи иавагылоу ашәҭқәеи убриаҟара еинаалоит, аԥшӡара еилазымгап ҳәа игәаӷьны иузыжәуам.

Шықәсык иалагӡаны, Sputnik Аԥсны "слаҵеит, срашәеит, аҽаҩра ҭазгалеит"

Ҭырқәтәыла сыҟазаара иалагӡаны, агәахәара дуӡӡа снаҭеит ҳџьынџьуаа рыбзазареи, рнапы злаку аусқәеи. Еиҳагьы сеигәырӷьеит ҿырԥшыгас иахьрымоу егьырҭ амилаҭқәагьы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0