Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агрԥҳа Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аусуразы: сынтәатәи аԥхын азы ҳбеиоуп

© Foto / предоставлено Гундой АгрбаГунда Агрба
Гунда Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2021
Анапаҵаҩра
Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал адиректор Гунда Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥхынтәи аамҭазы иазгәаҭоу аконцертқәа ртәы.
Агрԥҳа Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аусуразы: сынтәатәи аԥхын азы ҳбеиоуп

Аԥхын аԥсшьаҩцәа еиҳарак изҭаауаны иҟоу ауарӷантә концертқәа роуп, ҳәа лҳәеит Агрԥҳа арадиоефир аҿы.

"Асезон аартын лаҵарамза 23 рзы Лука Гаделиа иқәгыларала. Уажәгьы иара иконцертқәа роуп иқәҳаргыло, урҭ мҩаԥысуеит амҽышалеи аԥшьашалеи. Сынтәа иазгәаҭоуп ирацәаны афестивальқәа, ҳбеиоуп. Рашәарамза 23 рзы Башкиртәи ахор аконцерт мҩаԥнагоит, уи далахуп Лука Гаделиагьы. Нанҳәамза 13 рзы имҩаԥгахоит Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфестиваль. Уи хҭыс дууп ҳара ҳконцерттә зал азы", -  еиҭалҳәеит Агрԥҳа.

Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." ахь абилеҭқәа акассаҿы ирҭиуеит, дара маҷуп, аха изҭаху макьана иаархәарц рылшоит, азгәалҭеит Агрԥҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0