АҞӘА, рашәара 14 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 298-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 93-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Акоронавирус злаз 70 шықәса зхыҵуаз апациент иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭаҿы рашәара 12 рзы.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 45-ҩык, урҭ рахьтә 44-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - быжьҩык апациентцәа.