Аԥсны АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа планлатәи рҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Тҟәарчал, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Раԥхьа амҩа-транспорт машәыр аан ахымҩаԥгашьа апрактикатә уснагӡатәқәа мҩаԥган. Иаҭахны иҟан излалшо ала ирццакны, агидравликатә хархәагала автомашьына ахыб ԥҟаны, ааха зауыз ауаҩы иҭыгара, ахәышәтәырҭахь ишьҭра. Аҩбатәи аетап аан ақалақь ахыбрақәа руак аҿы амца дырцәон. Алегендала амца акын ахԥатәии ахәбатәии аихагылақәа. Уахьынтә ауаа дәылгатәын.
Аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, азанааҭуаа рҿаԥхьа иқәгылаз аусдҵа нарыгӡеит, рҟазара аадырԥшит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Ахыбраҿ амцакра": Аԥсны АҶА Тҟәарчал аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит