Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Смыр Пицунда иҟалаз ахысразы: ҳтәыла ахьӡ лазырҟәуа хҭысуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Смыр
Виталий Смыр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата алахәыла Витали Смыр арадио Sputnik аефир аҿы Пицунда иҟалаз ахҭыс ахҳәаа аиҭеит.
Смыр: абџьар модан иҟалеит, азакәан рӷәӷәазароуп

Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы Аԥсны атәылауаҩ Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа атуристцәа дреихсит.

"Раԥхьа иргылатәуп азакәан. Азакәан иқәымныҟәаз иаԥхьаҟа ԥеиԥш имам. Уабџьар ҭугаанӡа уазхәыцроуп иҟанаҵо, ауаҩы иага дхазыназаргьы, ихы мацара акәымкәа, ижәлар дрызхәыцуазароуп. Абџьар аҭакԥхықәра ду зцу усуп. Ари ҳтәыла ахьӡ даара илазырҟәуа хҭысуп, зегьы иахьымсыр ауӡом. Аԥсуа абџьар имазароуп, аха уи аныҟәгашьа азакәан иақәыршәаны дақәшәозароуп. Абџьар иара ахалагьы имхысыр ауӡом рҳәоит аԥсуаа. Абџьар зырҭо деилкааны, шаҟа еиҿкааны изныҟәго иазхәыцны азакәан аус ауроуп. Ари культуроуп, иара уацныҟәар, абџьаргьы уарԥшӡоит, аха иахьа имоданы иҟалеит, уи ԥеиԥш цәгьа аиуеит. Ирӷәӷәазароуп абџьар аныҟәгаразы алеишәа", - иҳәеит Смыр.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0