Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра: акоронавирус аҽышьҭнахуа иалагеит

Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны акоронавирус зыхьхьо рхыԥхьаӡара 16017-ҩык рҟынӡа инаӡеит, урҭ рҟынтәи 15170-ҩык ргәы бзиахеит, рыԥсҭазаара иалҵит 241-ы.

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҽарцәгьеит, ачымазара змоу рхыԥхьаӡара иацлеит ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Аковидтә центрқәа ирыцҵатәхоит, аҩнтәи аҽыхәышәтәра иашам. Раԥхьатәи ачымазара аҟазшьақәа рҽанцәырырга инаркны амедусзуҩцәа рахь инеитәуп. Ачарақәа, амассатә уснагӡатәқәа рахь анеирақәа рыҽрыцәхьактәуп. Ахыбра аҩнуҵҟа асабрадақәа ныҟәгалатәуп, адистанциа иқәныҟәалатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик иазгәалҭеит Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҽарцәгьара зыхҟьо абжьгарақәа уаҩ дахьрықәымныҟәо ауп ҳәа.

"Аныҳәақәа, ачарақәа рымҩаԥгара ишалагаз аиԥш ачымазарагьы алаҵәара иалагеит. Ахәышәтәырҭақәа рахь ауаа рыдҵаалара хынтә еиҳахеит. Уажәы ачымазара 31% рыла еиҳахеит. Аԥхьа алабораториаҿ мышкала 40-ҩык азгәарҭозҭгьы, уажәы ачымазара здырбало шәҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара ыҟоуп", - ҳәа лҳәеит Скорик.

Лара иазгәалҭеит ауаа ихьшәаны ахәышәтәырҭақәа рахь ишыдҵаало.

"Ареспиратортә инфекциа раԥхьатәи аҟазшьақәа зхы иадызбалаз зегьы аамҭа мгакәа аҳақьым идҵаалароуп. Иахьынхо аҭыԥ иадҳәалоу аҳақьым, ма атерапевт адырра ирҭароуп ПЦР-ҭҵаара амҩаԥгаразы ашәҟәы ирҭарц", - ҳәа лҳәоит лара.

ПЦР-анализ анарҭалак адырҩаҽны апациент адырра иҭахоит иҭагылазаашьазы, атест ачымазара шилоу инарбазар, аҽыхәышәтәра далагоит.

"Акоронавирустә инфекциа азԥхьагәаҭаратә уснагӡатәқәа рықәныҟәара ауаа еиҵаны рчымазарахь икылнагоит. 14-мштәи ахыԥхьакраамҭа аӡәгьы иаԥимхыцт. Аҭаацәараҿ аӡә дычмазаҩхазар, егьырҭгьы аҩны иҟазаароуп, рхы ԥхьарклароуп", - лҳәеит Лиудмила Скорик.

В Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Аԥсны ауааԥсыра риммунтә статус шьақәыргылоуп

Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит ииасыз амчыбжь инаркны ареспублика зегьы аиԥш аҳҭнықалақь аҿгьы ачымазара шырацәахаз.

COVID-19 змоу рыбжьара имаҷым ахәыҷқәагьы. Убри инадҳәаланы ақалақьтә балқәа рзин ҟаҵам.

"Аҳәара ҟаҳҵоит класс-классла имҩаԥыжәго ауснагӡатәқәагьы аҳауаҿ имҩаԥыжәгаларц. Излалшо ала иарку ахыбрақәа рыҩнуҵҟа шәҽеизышәымгалан", - ҳәа лҳәоит Алла Белиаева.

Лара илҳәеит ауаа рацәа ахьыҟоу адәқьанқәа, аџьармыкьақәа, ауаажәларратә транспорт аҿы асабрадақәа ныҟәыргаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0