Путин апресс-конференциа мҩаԥигеит асаммит Урыстәыла-ЕАА аихшьалақәа рыла

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча президентов России и США В. Путина и Дж. Байдена в Женеве
Встреча президентов России и США В. Путина и Дж. Байдена в Женеве - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Анапаҵаҩра
Асаммит Урыстәыла - Еиду Америкатә аштатқәа мҩаԥысит Женева, авилла Ла Гранж аҿы рашәара 16 азы. Атәылақәа рыҩба рхадацәа реицәажәара акраамҭа ицон.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин асаммит Урыстәыла - Еиду Америкатә аштатқәа аихшьалақәа рыла ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Ахада иҳәамҭақәа РИА Новости аматериал аҿы.

Ацҳаражәҳәаҩцәа аусура иазыхынҳәуеит

Атәыла ахада иазгәеиҭеит Џьо Баидени иареи реицәажәара бзианы ишымҩаԥысыз, иарбанзаалак аиӷаратә ҟазшьа ҳәа ак шрыҵамыз, аус хықәкыла иазнеины ишеицәажәаз.

Архивное фото вице-президента США Джозефа Байдена  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Баиден Урыстәыла иазкыз ажәахә ҟаиҵеит

"Ишьҭыхыз атемақәа зегьы ижәдыруа роуп – астратегиатә ҭышәынтәалара, акибершәарҭадара, арегионалтә еимактәқәа, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа, Арктика аусеицура", - ҳәа иҳәеит Путин, иагьазгәеиҭеит Украина азҵаарагьы ишалацәажәаз.

Ахада иажәақәа рыла, Баидени иареи еилацәажәеит хара имгакәа Урыстәылеи Америкеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Анатоли Антонови Џьон Салливани Вашингтони Москвеи русурақәа ишырзыхынҳәуа.

"Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ЕАА Аҳәынҭдепартаменти аконсультациақәа ирылагоит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рҿы. Уа узлацәажәаша ыҟоуп. Ишызбаз ала, аганқәа рыҩбагьы аӡбарақәа рыԥшаара рҭахны иҟоуп", - иҳәеит Путин.

Акибержәыларақәа рзы ахарадҵара

Акибержәыларақәа рзы азҵаара аҭак ҟаҵо, Путин иҳәеит иара иажәақәа рыла инарҭбааны ирзымдыруа адыррақәа:

Президент РФ В. Путин провел встречу с вице-премьером РФ Т. Голиковой  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Путин Иаарту ажәҩан азы Аиқәшаҳаҭра алҵразы азакәан инапы аҵаиҩит

"Америкатәи ахыҵхырҭақәа рыла акибержәыларақәа реиҳарак адунеи аҿы ирхыҵхырҭоу ЕАА акиберҵакырақәа роуп. Аҩбатәи аҭыԥ аннакылоит - Канада. Анаҩс Латынтәи Америка атәылақәа ҩба, Великобританиа. Урыстәыла ари асиа ианӡам", - ҳәа.

Иажәақәа рыла, Баидени иареи акибершәарҭадараз аконсультациақәа мҩаԥыргарц еилацәажәеит. Путин ишиҳәаз ала 2020 шықәсазы Урыстәыла ЕАА аҟынтәи азыҳәақәа жәаба аиуит ахакертә жәыларақәа рзы. Урҭ зегь рҭак ҟаҵан. Убри аан Вашингтон 45 зыҳәа Москвантәи иазынашьҭыз рҭак ҟанамҵеит.

Арктика аусеицура алшоит

Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, иара агәра ганы дыҟоуп Урыстәылеи ЕААи Арктика русеицура шахәҭоу. Асаммит алахәылацәа ари азҵаара инарҭбаау форматла иалацәажәеит.

Урыстәыла Арктика иахьаҵанакуа аҳауахьчагатә комплексқәа шьақәнаргылоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2019
Урыстәыла Арктика иахьаҵанакуа аҳауахьчагатә комплексқәа шьақәнаргылоит

Путин убри аан иазгәеиҭеит америкатәи аган арегион амилитаризациа азуп ҳәа иаҳәо шиашам.

"Асовет Еидгыла аныҟаз иҟамыз акгьы ҟаҳҵом. Еилаԥыххау аинфраструктура еиҭашьақәҳаргылоит ауп. Ҳәарада ҳаамҭа иақәшәо иҟаҳҵоит. АҶА базас иазыҟалаша аинфраструктура еиҿаҳкаауеит, амшын аҟны ауаа реиқәырхара алыршаразы, ма иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара ахьчаразы", - иҳәеит иара.

Баиден имҽыӷу иҳәамҭақәак рзы

Путин ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Баиден иара иганахьала ииҳәаз иажәақәак рышьҭахь ҭелла ишеицәажәаз.

"Баиден аҭел дысзасит. Ҳаицәажәеит. Сара ииҳәаз сыдыскылеит. Ҳаиқәшәарц сыдигалеит. Иахьа ҳаиԥылеит. Ҳтәылақәа рҿы аҭыԥ змоу зегьы рзы ус акә егьыс акә аҭакԥхықәра иаҵагыло актәи ахаҿқәа роуп. Иаагап Афганистан. Зныкҟьарала 120-ҩык ҭахон, ачарақәа рҿы ауаа ндырҵәон. Иҟалап, ари гхазар, усгьы ҟалалоит. Аха аԥырҩы дызҭам ахархәагала ма авертолиотқәа рыла аҭынч уааԥсыра Ирак реихсра - ари азы аҭакԥхықәра здылода? Дызусҭада нас иуаҩшьҩу?"

Мрагыларатәи Украина аҭагылазаашьа

Украина аҭагылазаашьа далацәажәо, Путин иазгәеиҭеит Урыстәыла иахықәку минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡароуп ҳәа. Иара иҳәеит 2020 шықәса абҵарамзазы Киев арҭ аиқәшаҳаҭрақәа шынанагӡо азы аплан азнархиеит ҳәа.

Президент РФ В. Путин провел совещание по подготовке к посланию президента РФ Федеральному собранию - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Путин "ицәаҳәа ҟаԥшь": аекспертцәа Урыстәыла ахада "украинатәи" иинтервиу иахцәажәоит

"Иҳаднагалазеи уи аплан ала Украина? Украинатәи арратә мчрақәа еснагьтәи рдислокациатә ҭыԥ иазыргьежьтәуп рҳәеит. Ари иаанагозеи? Ари иаанаго Украина ар Донбасс иалалароуп ауп. Уи адагьы ирҳәеит абри аҭыԥхәҭаҿы Урыстәылеи Украинеи рҳәаа аркызароуп, абарҭқәа рышьҭахь хымз ааҵуаны алхрақәа мҩаԥгатәуп ҳәа.

Ахада иазгәеиҭеит арҭ ажәадгалақәеи минсктәи аиқәшаҳаҭрақәеи зеиԥшрак шрымам.

Навальныи иҭакразы

Алексеи Навальныи иҭакразы азҵаара аҭак ҟаҵо Путин иҳәеит иара ахәышәтәырҭа данҭыҵ ашьҭахь ашәҟәы иҽышҭеимгалаз.

"Азакәан дықәымныҟәеит. Аԥшаара ишьҭарҵеит. Уи дырны дааит. Сгәанала, дааныркыларц иҭахын. Ус анакәха, уаҳа иуҳәарызеи".

ЕАА Урыстәыла ааннакыларазы аҽазышәарақәа

2017 шықәсазы Еиду аштатқәа Урыстәыла ҳаӷоуп ҳәа иқәгылеит, Аконгресс ЕАА азакәанԥҵара аԥҟара аланагалеит ЕАА ҳтәылаҿы адемократиатә напхгара аԥҟарақәа адгылара рырҭароуп ҳәа, аполитикатә еиҿкаарақәа ирыдгылароуп ҳәа иҳәеит Путин.

Архивное фото Капитолия в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2021
Еиду аштатқәа Урыстәыла аганахь асанкциа ҿыцқәа аланагалеит

"Ари аҩыза арбоуп америкатәи азакәан аҿы. Аха Урыстәыла ЕАА иаӷазар, иарбан еиҿкаарақәоу Америка ара изыдгыло? Сгәаанагарала, Урыстәыла зырӷәӷәо ракәым, ишьақәызҟьо роуп".

АИХқәа иноагентцәоуп ҳәа азхаҵара

Ахада еиҿирԥшит Америкеи Урыстәылеи рҟны ажурналистцәа русуратә ҭагылазаашьақәа. Иазгәеиҭеит ателеканал RT америкатәи арегулиатор аҭахрақәа зегь шынанагӡо:

"Russia Today америкатәи арегулиатор аҭахрақәа зегь нанагӡоит. Апроблемақәа шырзаԥырҵогьы. Ҳара урҭ рҩызцәа проблема аԥаҳҵом, иагьҳамам".

Иара иҳәеит аиԥылараҿы Баиден "Радио Свобода", Урыстәыла аҳәаанырцәтә агент инапынҵақәа назыгӡо ҳәа ишьоу, аусураз азҵаара шышьҭихыз.

"Америкатәи аделегациа аҳәаанырцәтәи аудиториаз аус зуа Russia Today-и Sputnik-и уаанӡа дара рҿы ҳәаанырцәтә агентны иԥхьаӡаны аккредитациа шрымырххьаз рыздырамызт ҳәа. Ҳаргьы уи аҭак ишақәнагаз иҟаҳҵеит".

Ажәабжьқәа зегьы
0