Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аграфик есымза еиқәнаршәоит.
Рашәарамзатәи урыстәылатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны, рашәара 16, 17, 18 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа, рашәара 21, 22 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз, рашәара 23, 24, 25 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз, рашәара 28, 29 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз, рашәара 30, ԥхынгәы 1 - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз, ԥхынгәы 2 рзы - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.
2020 шықәса ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәқәа Аҵәахырҭатә банк акассақәа рыла ршара ишалаго.
Жәабран 8 инаркны аԥсуа тәанчахәы мацара зауа атәанчаҩцәа аԥара роуеит абанкоматқәа рҟынтәи абанктә хсаалагақәа рыла.