АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә шьҭазаара змаз ахаҵа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы дааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Ахаҵа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа диасуан. Иара Архангелсктәи аобласт аҿы ацәгьоура иуит (Урыстәыла АЗ "Ацәаԥҽра аҽазышәара").
Иаанкылоу ауаҩԥсы ишьақәыргылоу аԥҟарала Урыстәыла Архангелсктәи аобласт амчратә усбарҭақәа дрыҭоуп.