АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара 80 шықәса ахыҵраз астатиа иҩит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал "Россия 1" адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аматериал кьыԥхьхоит Германиатәи аҭыжьымҭақәа руак аҿы.
Рашәара 22 рзы Урыстәыла ахада ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵоит Москва, Идырым асолдаҭ анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы, анаҩс ажәахә ҟаҵо дықәгылоит.
1941 шықәса рашәара 22 рзы афашисттә Германиа Асовет еидгыла иақәлеит. Иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду.
Абри амш азы атәыла зегь аҿеиԥш аҳәаанырцәгьы имҩаԥгахоит агәалашәаратә уснагӡатәқәа, асааҭ 12:15 рзы азеиԥшҿымҭра аминуҭ мҩаԥгахоит.
Аԥсны активла иалахәын Аибашьра Ду. Аԥсадгьыл ду ахьчара ицеит 55 000-ҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи.
17 000-ҩык рыԥсадгьыл ахь изыхнымҳәит. 22-а Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рҽаԥсартәит.