Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥшьлаа "ампыҵахалара аԥыхразы" Қырҭтәыла астратегиазы: Женева аицәажәара лҵшәаданатәуеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Милана Абшилава
Милана Абшилава - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Милана Аԥшьлааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит "ампыҵахалара аԥыхрази" аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәалареи рзи аҳәынҭқарратә стратегиа азҵаара Қырҭтәыла ацәырҵра мзызс иамоу.
Аԥшьлаа "ампыҵахалара аԥыхразы" Қырҭтәыла астратегиазы: Женева аицәажәара лҵшәаданатәуеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр иаԥшьгарала иаԥҵоу "ампыҵахалара аԥыхрази" аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәалареи рзи аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларазы акомиссиа аамҭа иақәшәо иҟам, баша усны иҟоуп, аԥсуа ҳәынҭқарра аинтересқәа ирықәшәом ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

"Изныкымкәан иаҳбахьеит Қырҭтәыла лшарак шзааиуазаалак, ҳҳәынҭқарра аӡбахә анырымҳәо, рхы ианадмырхәо, шамахамзар, ишыҟам. Рашәара 14 рзы Бриуссель имҩаԥысыз НАТО Асаммит аҟны икьыԥхьын Аҩада Атлантикатә еидгылазы иактуалтәу ашәарҭадара зныԥшуа азҵаатәқәа. Аҳәамҭа еихыршәшәо ҳахәаԥшуазар, жәиԥшьтәи ахәҭаҷ аҟны Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи асуверенитети рпринцип НАТО ахаҭарнакцәа шадгыло даҽазныкгьы иаадырԥшит",- лҳәеит Аԥшьлааԥҳа.

Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • "Ампыҵахалара аԥыхразы" астратегиа аус адуларазы акомиссиа аԥырҵеит Қырҭтәыла
Ажәабжьқәа зегьы
0