Акоронавирус рыдырбалеит 119-ҩык Аԥсны ауааԥсыра иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16693-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15327-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.

АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 447-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 119-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 72-ҩык, урҭ рахьтә 72-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-ҩык, ибжьаратәуп - 41-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 24-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0