Аԥсуа боксиор Енвер Бзагәа Москва ареитингтә қәгылара мҩаԥигоит

© Foto / Сырма АшубаЭнвер Бзагуа
Энвер Бзагуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Анапаҵаҩра
Апрофессионалтә бокс атурнир мҩаԥысуеит ауниверсалтә спорттә-комплекс "Крылья Советов" аҿы.

АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абокс азы Аԥсны еизгоу акоманда алахәыла Енвер Бзагәа ареитингтә қәгылара мҩаԥигоит Москва, рашәара 27 азы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада, аспортсмен иазыҟаҵаҩ Алик Карди-оӷлы.

Энвер Бзагуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2020
Енвер Бзагәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ахьӡала сықәԥаларц сҭахуп

Адебиуттә реитингтә еиндаҭлараҿы 25 шықәса зхыҵуа аԥсуа спортсмен диндаҭлоит урыстәылатәи абоксиор Виктор Конкин.

"Енвер ҭырқәтәылатәи репатриантуп. Испорттә кариера уоуп ахы ахьакыз, абокс азы Ҭырқәтәыла еизгоу акоманда далахәын, апрофессионалбжатә қәгыларақәа мҩаԥигахьан. 2019 шықәсазы Аԥсны жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рымҩаԥгара атәы аниаҳа, урҭ рылахәхараз агәаҳәара ааирԥшит", - ҳәа иҳәоит Карди-оӷлы.

Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада Бзагәа Афон ҿыц имҩаԥысуаз атурнир "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахраҿахь" дааиԥхьеит.

"Аԥсны ачемпион ититул азы дықәгылеит. Атурнир ашьҭахь Аԥсныҟа дхынҳәит. 2020 шықәса рзы Аԥсны атәылауаҩра иоуит. Иахьа Аԥсны ахьӡала дықәгылоит. Иара даара апатриотра илааӡоуп. Иԥсадгьыл ахьӡала иқәгылара иара изы аҵак ду амоуп", - иҳәеит Афедерациа ахада.

Енвер Бзагәа 79,4 кьыла иҟоу рыбжьара дықәгылоит ҳәа иҳәоит Алик Карди-оӷлы.

"Ари иара раԥхьатәи иреитингтә қәгылароуп. Ԥшь-раундк рыла имҩаԥгахоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ауснагӡатә еиҿнакааит ИАЕ "Шамо Боксинг Промоушен". Аԥсуа телехәаԥшралеи ателеканал "Спортивный" алеи ишиашоу ицо аефир асааҭ 16:00 рзы иҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0