АҞӘА, рашәара 256 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 319 -ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 105-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 78-ҩык, урҭ рахьтә 78-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 13-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 25-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 31-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>