Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуаԥҳа Сидатәи ашкол аԥсҭазаара иазкны

© Foto / предоставила Аида ДжопуаАида Джопуа
Аида Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион Сида ақыҭа абжьаратә школ адиректор Аида Џьопуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ииасыз амчыбжь азы ашколқәа рыбжьара имҩаԥысыз аспорттә еицлабра атәы, насгьы рышколтә ԥсҭазаашьа зеиԥшроу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуаԥҳа Сидатәи ашкол аԥсҭазаара иазкны

"Аицлабрақәа еиҿкаан 2010 шықәса рзы Сидатәи абжьаратә школ аушьҭымҭацәа рхатә џьабаала, рхатә ԥарала. Уажәы ԥшь-школк еицлабуан. Командацыԥхьаӡа 15-15-ҩык ахәыҷқәа ыҟан. Дара зегьы ибзиан рхы аадырԥшит, иаҳҭахуп егьырҭ ашколқәа рыбжьара аицлабрақәа ас еиԥш имҩасларц", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьопуаԥҳа.

Гал араион Сида ақыҭа абжьаратә школ адиректор илҳәеит иахьа ашколтә ԥсҭазаашьаҿы ирымоу ауадаҩрақәа, насгьы цхыраарас ироуа атәы.

"Араионтә школқәа ирыгу рацәоуп, аха иахьынӡауала ҳаицхыраараны аус ҳурҭә еиԥш ҳаҿуп. Арҵагатә шәҟәқәа рыла ҳаиқәшәоуп. Ҳашкол ахаҭа аремонт аҭахны иҟан, ҳхатә џьабаала ԥсыхәак ахьынӡамаз иҟаҳҵеит. Ашколтә маҭәахәқәа иҳәынҭқарратәым жәларбжьаратәи ахеилакқәа иҳазнаргеит – апартақәа, арҵаҩцәа зхатәо уҳәа. Убасҟан иҳазнаргеит аспорт иадҳәалоу амаругақәа зегьы. Иҳамоуп аспорт узаҽыҟауҵар ахьалшо аҭыԥгьы", - ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа.

Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0