Очамчыра иҟалаз астанциа маҷ аҿтәи абылра ашьҭахь Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит

© Foto / сайт Президента Республики Абхазия Президент Абхазии Аслан Бжания прибыл в г. Очамчира
Президент Абхазии Аслан Бжания прибыл в г. Очамчира - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Анапаҵаҩра
Амцакра ҟалеит ашьыжь асааҭ быжьба рзы зымчхара 32 мегаватт иҟоу афымцастанциа маҷ "Очамчыра–А́хага" аҿы, уи иахҟьаны араион ақыҭақәа хәба лашарада иаанхеит. Уажәы уахь аамҭалатәи асхемала алашара роуеит.

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Авариа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь днеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Анаҩс иара Очамчыра араион ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигеит. Ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Афымцастанциа маҷ "Очамчыра–А́хага" зымчхара 32 мегаватт иҟоу аҿы амцакра ҟалеит ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит рашәара 29 асааҭ 07:03 азы. Астанциа маҷ амыругақәа блит, араион ахәҭак лашарада иаанхеит. Ахада изеиҭарҳәеит амца оперативла арцәара шалыршаз, амцарцәара ишалахәыз ҩ-мцарцәаратә гәыԥки Очамчыра ақалақь аиқәырхаратә ҟәшеи. Аенергетикцәа аԥхасҭа ахәԥса шьақәдыргылараны иҟоуп.

Пожар на  электроподстанции «Очамчыра –Тяга»  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Очамчыра астанциа маҷ ахьблыз азы араион абжеиҳара лашарада иҟоуп

Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, ихаҭыԥуаҩ Артимон Габлаиа, араионтә Еизара ахантәаҩы Адгур Кәыҵниа, араион азинхьчаратә усбарҭақәа рхадацәа.

Аенергетикцәа ирҳәеит аамҭалатәи асхемала Очамчыреи ақыҭақәеи афымцалашара шроуа. Ахада иазгәеиҭеит иҟалаз аҽазныкгьы ишаанарԥшуа аусхк апроблемақәа. Бжьаниа иҳәеит ари аус аҿы иҷыдоу ауснагӡатәқәа рыдкылара аҭахны ишыҟоу.

Аслан Бжьаниа иҳәеит хара имгакәа иахьа еизаз зегьы адԥхьаланы аилацәажәара амҩаԥгара азԥхьагәаҭаны ишимаз. Уа иалацәажәараны иҟан фымцамчла аиқәыршәара азҵаара, аха иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ари аизара иахьа ишымҩаԥгатәхаз.

Ахада даҽазныкгьы иазгәеиҭеит афымцамчтә усхк - акрызҵазкуа усхкны ишыҟоу, уи ҷыдала хылаԥшра шаиҭо, иара убас алеишәеи аҭакԥхықәра ашьҭыхреи аҭагылазаашьа арҽеира шрылшо.

Иазхьаԥшын афымцамч ахәԥса шықәсырацәала амшәара азҵаара. Ахада Очамчыра араион ахада идиҵеит ақыҭақәа радминистрациақәа афымцамч ахәԥса рылхразы рҭакԥхықәра ашьҭыхра, урҭ ргәырҽаниҵеит хаҭалатәи аҭакԥхықәразы. Аҭагылазаашьа арҽеиразы Ахада ҿҳәарас ириҭеит мызкы.

ЛЭП Очамчыра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Аԥсны афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара еиҭахәаԥшуеит аԥхынтәи аԥсшьара ашьҭахь

Абри аҿҳәара ашьҭахь Бжьаниа инапынҵа шынарыгӡаз гәеиҭараны дыҟоуп.

Ахада аизараҟны даҽазныкгьы амаининг азҵаара шьҭихит.

Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит абри азҵаара инамаданы аусқәа шцо азы. Амилициа араионтә ҟәша аиҳабы иҳәеит акриптовалиута арҳара иазку аферма ҿыцқәа шаарԥшу, урҭ русурагьы шаанкылоу атәы.

Аҳәынҭқарра Ахада ирыдиҵеит амаининг-ферма шаарԥшхалак, убри аҽныҵәҟьа ирбганы, иара иазалху аҭыԥқәа рахь иганы рышьҭаҵара, дара зтәу шьақәыргыланы, амыругақәа рымырхларц.

Ахада ҷыдала "Амшынеиқәафымцамч" анаплакы анапхгара азхьарԥшны ирыдиҵеит астанциеиҵақәа рыҟны амцарцәаратә шәарҭадара иазку ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара, иара убас астанциа аҩнуҵҟеи уи акәша-мыкәшеи асанитартә ҭагылазаашьа хылаԥшра рыҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0