"Гәылрыԥшь араион ашколқәа рҟны 1802-а аҵаҩцәа ыҟоуп. Урҭ рахьынтә сынтәа ажәеизатәи акласс иалгаз 119-ҩык ыҟоуп, ажәбатәи акласс - 125-ҩык. Сынтәа излауаз ала апрограмма иахьаҳагӡеит ҳҳәар ҟалоит, маҷқәак ҳазхьымӡаз ыҟоуп, аха апрограмма абжеиҳара ахәыҷқәа ахьӡаратәы иҟаҳҵеит. Аџьабаа ирбаз азы арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит. Ахьтәы медалла, мамазаргьы араӡны ала иалго акандидатцәа ҳамаӡамызт аушьҭымҭацәа рыбжьара, аха уеизгьы зҵара ибзиаӡаны иалго ыҟоуп, ҳгәыӷуеит урҭ 10-ҩык рҟынӡа ҟалап ҳәа. Иҟоуп ахәыҷқәа рыбжьара урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь иҭалахьоу. Аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭаларазгьы", - иҳәеит Габлиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Габлиа аҵарашықәс алҵшәақәа ирызкны