"Акыр шықәса ҵуеит Аԥсны аекономика апроблемақәа иакны иҟоижьҭеи. Абиуџьет аҳәынҭқарра иаланагало хаҭәааӡам, аинвесторцәа иалырҵо ҳәа ҳаԥшуп, хыхь -хыхьла аекономика ҳахцәажәоит. Ҳекономика иаԥырхаго ахьцәырҵуа ҵаҟатәи аекономика ауп ҳәа шьақәҳаргылоит, уи иагьиашоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны амилаҭтә економика злашьақәгылоу ҵаҟа иҟоу анаплакқәа, зхатә напала иаҿу, ма аҳәынҭқарреи дареи еидгыланы аус еицызуа, рышьақәгылашьа. Урҭ иахьа изҭагылоу аамҭа ҭҵааны аҳәынҭқарра ирыдаагалоит. Акризистә економика апроблемақәа рацәаны иамоуп: аҩныҵҟатәи, адәахьтәи, анапхгара аганахьала иҟоу агхақәа, абарҭ зегьы шьақәыргыланы иҭҵааны ҳалацәажәон аконференциаҿы. Иазгәаҳҭеит, анаплакқәа рҟны аекономикатә кризис ҟамларцаз иарбан шьаҿақәоу иҟаҵатәу, ишьақәыргылоуп аметодика", - еиҭеиҳәеит Шьалашьаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Шьалашьаа адунеизегьтәи аекономикатә акризис азы: Урыстәыла алҵра рзыманшәалахоит
-
Китаитәи аделегациа Аԥсны зых иақәиҭу аекономикатә зона аԥҵара иалацәажәеит