АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 487 ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 155-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ԥхынгәы 1 азы лыԥсҭазаара далҵит 82 шықәса зхыҵуаз ачымазаҩ.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 94-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 34-ҩык, ибжьаратәуп - 44-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы пациент, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 25-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 28-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>